Азҵаара рыҭара



ААУ АРЕКТОР, АКАДЕМИК АЛЕКО ГӘАРАМИА АԤСНЫ АХАДА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ



Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа аҵараиурҭа аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи рыхьӡала Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа 60 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

«Шәара шәиԥоуп ҳтәылаҿы иналукааша апедагог Гьаргь Ашҳангьери-иԥа Бжьаниа. Ари иахьа аҳәынҭқарра анапхгараҿы шәыҟазаараан еиҳагьы аҭакԥхықәра ду шәыднаҵоит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны аҵараиурҭа аԥҵаҩы ифункциақәа рынагӡара уалԥшьаны изду атәыла ахада иаҳасабала, шәҳәынҭқарратә усура ҳажәлар ззықәԥоз, ашьа зызкарҭәоз ҳмилаҭтә ҵараиурҭа аиқәырхареи аизҳазыӷьареи рус иацхараап ҳәа», – аҳәоит адныҳәалараҿы.

Алеко Гәарамиа Аслан Бжьаниа изеиӷьишьеит агәабзиара, аполитикатә ҟәыӷара, инапы злаку Аԥсны жәлар ирыхәарҭахаша аусқәа зегьы рҟны ақәҿиарақәа!