Азҵаара рыҭара



ААУ АҞНЫ ИМҨАҦГАХОИТ АЖУРНАЛИСТ, АҴАРАУАҨ ЕЛЕНА ЗУБАРКИНА ЛҦЫЛАРА

Февраль 20, ашәахьаҽны, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧгахоит Москватәи арҵаҩратә аҳәынҭқарратә университет ажурналистикеи амедиакоммуникациақәеи ркафедра адоцент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Елена Станислав-иҧҳа Зубаркинеи ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша астудентцәеи аспирантцәеи реиҧылара.

Аҵарауаҩи аспирантцәеи реиҧылара азыҧхьагәаҭоуп асааҭ 11:00 рзы. Асааҭ 13:40 рзы Ф. А. Искандер ихьӡ зху аудиториаҿ Е. С. Зубаркина астудентцәа -ажурналистцәа,  аспирантцәа рзы раԥхьатәи ллекциа мҩаҧылгоит. Алекциа атема: "Иахьатәи ажурналистика адунеизегьтәи аглобализациа аамҭазы" (аӡыргара ацҵаны). Алекциа иазыӡырҩырц рылшоит иара убасгьы агәаҳәара змоу афакультет аусзуҩцәеи астудентцәеи зегьы.

Иазҧхьагәаҭоуп иара убасгьы асаси афилологиатә факультет анапхгареи ажурналистика акафедра аусзуҩцәеи реиҧыларагьы.

Аҵарауаҩ Е. С. Зубаркина ААУ ахь дааҧхьоуп ажурналистика акафедреи иара убасгьы хаҭала апроф. Е. Гь. Бебиеи (лусуратә план инақәыршәаны) рыбзоурала.

Е. С. Зубаркина аус лухьеит ателехәаҧшреи (НТВ, Москва 24) арадиои рҟны. Уажәы лҽазыҟалҵоит адоктортә диссертациа ахьчара.