Азҵаара рыҭара



АМИЛАҬТӘ ҴАРАИУРҬА: АПЕДИНСТИТУТ АҞЫНТӘ АУНИВЕРСИТЕТ АХЬ

ҲМИЛАҬТӘ ҴАРАИУРҬА: АПЕДИНСТИТУТ АҞЫНТӘ АУНИВЕРСИТЕТ АХЬ

Февраль 5, 1979 шықәсазы СССР  Аминистрцәа Рсовет ақәҵарала (№129) А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт ашьаҭала иаҧҵан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет. Иара убас февраль 13, 1979 шықәсазы ауниверситет аартразы иҟаҵан Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳауи абжьаратәи иҷыдоу аҵарадырра Аминистрра адҵагьы (№191).  Ари аҵараиурҭа шьаҭас иаиуит 1932 шықәсазы (февраль 4, 1932 ш. Аҧсны Наркомпросс ақәҵарала) иаартыз А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Раҧхьаӡа уи напхгаҩыс даман арккаҩы, аҵарауаҩ Андреи Максим-иҧа Ҷоҷуа.

1993 шықәса раахыс Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Евразиатәи ауниверситетқәа Рассоциациа иалоуп. 

2006 шықәса рзы (Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Иусҧҟала - № УП 107, 30.08.2006 ш.) Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иаиуит автономтә статус.

Аҵараиурҭа аҧҟаҧҵа инақәыршәаны, ауниверситет аҧҵаҩы инапынҵақәа наигӡоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

ААУ раҧхьатәи ректорс дыҟан Зураб Вианор-иҧа Анчабаӡе, анаҩс – Заур Ҳақы-иҧа Аҩӡба. 

1988 шықәса раахыс ауниверситет ректорс дамоуп адунеи аҿы еицырдыруа аҵарауаҩ, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор Алеко Алықьса-иҧа Гәарамиа.

Ишәыдаагалоит февраль 8, 1979 шықәсазы А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт ашьаҭала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аартра иазкыз агәырӷьаратә митинг аҟынтә инарҭбаау анҵамҭа. Уи кьыҧхьын агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" адаҟьақәа рҿы, февраль 9, 1979 ш. иҭыҵыз аномер аҿы.

***

АҦСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УНИВЕРСИТЕТ ААРТРА

Иацы А.М. Горки ихьӡ зхыу Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны имҩаҧысит аинститут арҵаҩцәеи, астудентцәеи, Аҟәа ақалақь аҿтәи аинтеллигенциа рхаҭарнакцәеи злахәыз агәырӷьаратә митинг.

Амитинг ааитртит аинститут апартком амаӡаныҟәгаҩ Ш.Цулеискири.

– Иахьатәи амш – Аҧснытәи автономтә Республика зегьы азы иныҳәа дууп, – иҳәеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аректор, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофессор З. Анчабаӡе иқәгылараҿы, – ҳарҵаҩратә институт абазала иаҧҵоуп Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет.

Ҳазну ашықәс февраль 5 СССР Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы Алексеи Николаи-иҧа Косыгин инапы аҵаиҩит Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аҧҵаразы адокумент. Абри аан иазгәаҭатәуп, автономтә республика абжьаратә школқәа рзы уажәраанӡа арҵаҩцәа ишазыҟарҵоз еиҧш, ҳаҧхьаҟагьы ишазыҟарҵауа.

Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аартра – ари КПСС Ацентр Комитети СССР Аминистрцәа Рсовети Аҧснытәи АССР аекономикеи акультуреи ҧхьаҟа рырҿиара аусмҩаҧгатәқәа рзы ирыдыркылаз аҭоуыхтә қәҵара аҧсҭазаараҿы анагӡара иабзоуроуп. Акыр ҵуан ари азҵаатәы ықәгылеижьҭеи. Ҳавтономтә республика аекономикатәи асоциалтәи ҿиара азҵаатәқуа зегьы комплексла инеидкыланы ирызхәыцтәын. Инҭкааны ирызхуыцтәын ауниверситет аҟны аҵара зҵараны иҟоу раҧхьатәи рзанааҭқәа, афакультетқәа иаарттәу. Абасала, имҩаҧгаз аусура ду иабзоураны иаатит Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет.

Ари – ҳара иҳазгәакьаӡоу ҳ-Коммунисттә партиеи Асовет еиҳабыреи ҳаҧсадгьыл дуӡӡа иқәынхауа амилаҭқәа, ажәларқәа зегьы неилых ҟамҵа рҵара, ркультура, рекономика уҳәа рырҿиаразы иҟарҵауа агәцаракра ду иабзоуроуп.

Ари – ҳара ҳ-Коммунисттә партиа ленинтә милаҭтә политика иагаз аиааирақәа ирыбзоуроуп.

Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аартра – иахьатәи ҳарҵаҩратә институт апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара рҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду ықәнаргылоит. Зегь раҧхьаӡагьы урҭ рыбзоурала ауниверситет аҿы ирызҳалароуп жәлар рынхамҩа еиуеиҧшым ахкқәа рҿы аус зуша зегь рыла иазыҟаҵоу аспециалистцәа.

Хыхь ишаҳҳәахьо еиҧш, Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аҧҵахеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт абазала. Маҷӡак аҭоурых ҳалацәажәап. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҧҵан 1932 шықәсазы. Усҟан ҩ-факультет заҵәык ракәын иамаз иара – агро-биологиатәи афизика-математикатәи. Раҧхьаӡа ирыдыркылаз астудентцәа рхыҧхьаӡара 85-ҩык ракәын иҟаз. Урҭ аҵара ддырҵон 17-ҩык алекторцәа. Убарҭ рахьынтә аӡәызаҵәык идамхаргьы астепен имамызт.

Ҳазну аамҭазы А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны ҽынлатәи, хәылбыҽхалатәи, иара убас азаочнитәи аҟәшақәа рҟны аҵара рҵон 2500-ҩык рҟынӡа астудентцәа. Араҟа аҵара рҵоит аҧсышәала, қырҭшәала, урысшәала. Арҵаҩцәа рхыҧхьаӡара 160-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Убарҭ рахьынтә 13-ҩык анаукақәа рдокторцәеи апрофессори ахьӡқуа рыхҵоуп. 74-ҩык еиуеиҧшым анаукақәа ркандидатцәеи адоценти. Абарҭқәа рнаҩсан арҵаҩратә институт аҿы алекциақәа ирыҧхьарацы инаҧхьоуп адокторцәа ҩыџьеи анаукақәа ркандидатцәа 15-ҩыки рҟынӡа. Аҟуатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҧырҵеижьҭеи иалгахьеит жәеиза нызқьҩык рҟынӡа.

1978-тәи ашықәс – арҵаҩратә институт азы иналукааша шықәсны иҟалеит. КПСС Ацентр Комитети СССР Аминистрцәа Рсовети Аҧсны азы ирыдыркылаз рықәҵараҿы иазгәарҭеит абри аинститут абазала иаҧҵахарҵ Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет. 

Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет ҳаҧхьаҟа иаиуеит абарҭ рҩызцәа афакультетқуа: агумманитартә наукақәа (уи еиднакылоит аҭоурыхи афилологиеи, ахәҭакахьала, аҧсуа бызшәеи алитературеи, ақырҭуа бызшәеи алитературеи, аурыс бызшәеи алитературеи, аҳәаанырцәтәи абызшәақуеи); афизика-математикатә (афизикцәеи аматематикцәеи ахьазыҟарҵауа); аҧсабараҭҵааратә наукақәа (ари афакультет еиднакылоит абиологиа, ахимиа, агеографиа); аекономика-зинтә (ари афакультет иазыҟанаҵоит аекономистцәеи аиуристцәеи); арҵаҩратә (абжьаратә школқәа рҿы еиуеиҧшым азанааҭқәа змоу арҵаҩцәа ахьазыҟарҵо).

Ауниверситет аҟны иазыҟарҵауа иалагоит анаукатә усзуҩцәа, еиҳау аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа, жәлар рынхамҩа еиуеиҧшым аспециалистцәа. Ауниверситет аҟны хәшықәса аҵара рҵоит, хәылбыҽхалатәи азаочнитәи аҟәшақәа рҟны акәзар – ф-шықәса. Излагәаҭоу ала, акафедра ҿыцқәа 10-12 ҟалоит. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿы – атеориатә физикеи, аҧсабараҭҵааратәи ахимиатәи кафедрақәа. Иаҧҵахоит анаукатә-еилкааратә лабораториақәа. Ауниверситет нхарҭәааны аҟаҵара хәба-фба шықәса аҭахуп. Убри ашьҭахь ауниверситет ҽынлатәи аҟәшаҿы аҵара рҵо иҟалоит 2500–3000-ҩык рҟынӡа астудентцәа.

Ҵаҟа ианаҳҵоит амитинг аҿы иқәгыланы ицәажәоз ирҳәоз ацыҧҵәахақәак.

Ш. Арсҭаа – Аҟуатәи арҵаҩратә институт аҧсуа бызшәа акафедра аиҳабы: 
 – Инаӡеит ҳара ҳагәҭакы. Ҳарҵаҩратә институт аколлектив рыхьӡала, Аҧсны аџьажәлар рыхьӡала, ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳпартиа Ацентр Комитет СССР Аминистрцәа Рсовети, иара убас Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аценр Комитети ареспублика аиҳабыреи Аҧснытәи Автономтә Республика иазыруа агуцаракра ду азы…

Ҭ. Коӷониа – Аҧснытәи АССР аҵара аминистр:
 – Ари ахҭыс мыцхәы ҳаигәырӷьеит. Аҧсны аҳәынҭқарратә университет аартра ҳавтономтә республиказы иҧсҭазаароуп. Ҳара иҳалшауа зегьы ҟаҳҵоит ҳабжьаратә школқәа ирылгауа, иреиӷьу аҿар уахь инеирацы.

П. Аӡынба – Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет адекан:
– Иахьа Аҧсны иқәынхо зегьы рзы иныҳәа дууп. Акыр шықәса ҳаззыҧшыз Аҧсуа аҳәынҭқарратә университет ҳзаадыртит. Ауниверситет аартра – ҳарҭ арҵаҩцәа аус ду ҳаднаҵоит, ҳҭакҧхықәра иҵегьы ишьҭнахуеит. 

В. Ҧруиӡе – Асубтропикатә нхамҩа Қырҭтәылатәи аинститут апроректор: 
– СССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа алхрақәа рыламҭалазы ари аҩыза ахҭыс аҟалара еиҳагьы уаргәырӷьоит. Аҧсуа ҳәынҭқарратә университети, Асубтропикатә нхамҩа аинститути рҿаҧхьа иқәгыло азҵаатә хадақәа ируакуп – изызҳауа абиҧара аинтернационалтә ҵасла рааӡара азҵаатәы.

Иара убас амитинг Аҟны иқәгыланы ицәажәеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аветеран, адоцент Н. Басилаиа, афизика-математикатә факультет аҧшьбатәи акурс аҿы итәоу астудентка Е. Лабахуа.

Аҧсуа аҳәынҭқарратә университет аартра иазкыз амитинг далахәын Аҧснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет Ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ В. Цыгуба.

Ахыҵхырҭа: "Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аартра"
(А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҿы имҩаҧысыз агәырӷьаратә митинг аҟнытә)
Агазеҭ "АҦСНЫ ҞАҦШЬ", № 28 (12.788).
Ахәаша, февраль 9, 1979 ш.