Азҵаара рыҭара



АЛЕКО ГӘАРАМИА АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб ииубилеи идиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Золотинск-иҧа!
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аколлектив рыхьӡала, хаҭала иара саргьы гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра. Аҧсыуа ҵасла ҳахәаҧшуазар, уи қәра дуум: ҳабацәа ишырҳәалоз еиҧш, уажәоуп шәҭәымҭа, шәыӷәӷәамҭа шәанынҭагыла. Аха иагьа ус акәзаргьы, ари аамҭа хҵәаха иҭаӡо акрыҟоуп, акырӡагьы аҵанакуеит. Избан акәзар даара имариамызт аханатә инаркны Шәара шәызнылаз, илышәхыз амҩа. Шәыуаажәлар рымаҵ аураҿы аҭакҧхықәра ду зцыз амаҵурақәа жәпакы акакала шәырхысны, шьаҿа-шьаҿала иреиҳау аҳаракырақәа рахь шәхалеит.

Шәара Аҧсни уи анҭыҵи еицырдыруа, аҧышәа ду змоу политикуп, ҳәынҭқарратә усзуҩуп. Ганрацәала еиларсу шәхаҭара, зымҽхак ҭбаау шәусура дарбанзаалак еиуеиҧшымкәа идикылар алшоит, аха урҭ зегьы ирыхәҭоу ахәшьара рызҭаша, изҳасабраны иҟоу аамҭоуп. Зегьы ирхадароу – Шәара еснагь иаашәырҧшуан, иахьагьы иаашәырҧшуеит аҳәынҭқарратә хәыцра, апринципра, алеишәа ҷыда, аҭакҧхықәра ҳаракы.​

Иарбан ҳәынҭқарратә маҵуроу аус ахьыжәуазаалакгьы, ҳмилаҭтә ҵараиурҭахь еснагь иаашәырҧшуан азҿлымҳара, еиҳаракгьы атәыла ахадас шәаныҟаз, аамҭакала ҳуниверситет аҧҵаҩы ифункциақәа анынашәыгӡоз. Ҳара уи иацгьы-иахьагьы ахә ҳаракны иаҳшьоит. Сара хаҭала сазыгәдууп Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет, анаҩс – Апарламент актәи ааҧхьара инаркны ишьақәгылаз ҳаиҩызара.

Шәиубилеи шәыдныҳәалауа, ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, агәызҩыдара, шәнапы злаку аҳәынҭқарратә усураҿы – аманшәалареи ачҳареи. Ҩынҩықәра нышәҵааит! Ҽаанбзиала шәгәырӷьо шәнеилааит!

Афото: © А.Чхамалиа