Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 30 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Ҟарачы-Черқьестәылантәи иааз аделегациеи ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи реиԥылара.
Ҟарачы-Черқьестәылантәи иааз аделегациа аилазаараҿы иҟан: агазеҭ «Абазашҭа» аредактор хада Фардаус Ҟәыл, аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхрааразы жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» Черқьесск иҟоу аҟәша аиҳабы Мураҭ Мыкәа (Мықәба), абаза қыҭақәа ирыланхо аҳәса рхеилак анапхгаҩы Наҭелла Џьмаҟәыл уҳәа уб. егь.
Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа иалагаанӡа асасцәа идикылеит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа, уи ирыдиныҳәалеит Аԥсуа-абаза конгресс аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра, ирзеиӷьишьеит ақәҿиарақәеи аманшәалареи.
Анаҩс имҩаҧысит Ҟарачы-Черқьестәылантәи иааз аделегациеи, Аконгресс аусзуҩцәеи, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи реиԥылара. Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит, иара изы ишгәахәара дуу Аконгресс анапхгареи Ҟарачы-Черқьестәылантәи иааз аделегациеи реиқәшәара.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихәҭаахьала ААУ анапхгара ирыдиныҳәалеит ауниверситет 90 шықәса ахыҵра.
«ААУ аҵарадырра иауасхыруп, уаҵәтәи Аԥсны аԥеиԥш азызчаԥо абраҟа ауп иахьырааӡо», – иазгәеиҭеит Мусса Егзакь.
Аиԥылараҿы хшыҩзышьҭра змаз акакәны иҟан ахатәы бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу азҵаара. ААУ аҵарауааи, алингвистцәеи аделегациа алахәылацәеи иазгәарҭеит, аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи рырҿиара иазкны ишаԥҵатәу иҷыдоу аусутә гәыԥ, урҭ аус рыдырулалар шрыхәҭоу еиуеиԥшым апроектқәа.
«Ари аусутә гәыԥ иалалар ҟалоит зхатәы бызшәа згәы азыбылуа астудентцәа, ААУ аспециалистцәа, Ҟарачы-Черқьестәылатәи урҭ рколлегацәеи. Ари агәыԥ Аԥсуара иазку арҵага шәҟәы аҩра рҽазыркыр ауеит, мамзаргьы аԥсуааи ашәуааи еицырзеиԥшу алфавит аԥҵара... Узызхәыцны инагӡаша апроектқәа даара ирацәоуп», – иҳәеит Мусса Егзакь.
«Шәара шәсасцәаӡам, шәара ҳҩызцәеи ҳколлегацәеи шәоуп. Шәареи ҳареи ҳхәыцрақәеи ҳагәҭакқәеи акуп, еимадоуп, еиларсуп. Аԥсуааи абазааи жәларык ҳауп. Ҳколлектив зегьы рыхьӡала гәахәарыла ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә – Аконгресс 30 шықәса ахыҵра. Ари аамҭа иалагӡаны шәзыхьӡахьоу маҷым. Ишәзеиӷьаҳшьоит шәнапы злаку аусқәа аԥхьаҟагьы қәҿиарала рыцҵара, реихаҳара», – иазгәалҭеит Џьулетта Адлеиба.
Аиԥылара аҟны иқәгылеит иара убасгьы ААУ аҟазарақәа рфакультет аиҳабы Нугзар Логәуа, аҵарауаа – академикцәа Сергеи Бебиа, Ианварби Екба, Лили Ҳагба, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Кобахиа, АААК аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа уҳәа егьырҭгьы.
Аҵыхәтәаны Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи ажәларқәа реизыҟазаашьа арҭбаараҿы ллагалазы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ҞЧА Жәлар Реизара (Апарламент) Ахантәаҩы Александр Иванов ихьӡала аҳаҭыртә шәҟәы лиҭеит Аконгресс Аҳәса ркоординациатә хеилак анапхгаҩы, ААУ апрофессор Екатерина Бебиа. Лара иара убасгьы Мураҭ Мыкәа (Мықәба) АААК Иреиҳаӡоу ахеилаки аилазаара «Алашареи» рыхьӡала қәҿиаралатәи лусуразы аҳаҭыртә шәҟәы лиҭеит.
Аиԥылара ахыркәшамҭазы ААУ ахьӡала асасцәа зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа рнапаҿы ирыҭан.