Азҵаара рыҭара



АҞӘА ИААТИТ АСАХЬАҬЫХҨЫ ҞАЗА НУГЗАР ЛОГӘУА ИУСУМҬАҚӘА РЦӘЫРГАҚӘҴА

Ноиабр 22 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны имҩаҧысит еицырдыруа асахьаҭыхҩы, Аԥсны  акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Ихьыԥшым асахьаҭыхыҩцәа Жәларбжьаратәи реидгыла «Аԥсны-Арт» ахантәаҩы, ААУ аҟазарақәа рфакультет адекан инапынҵақәа назыгӡо, адоцент Нугзар Логәуа хаҭалатәи иусумҭақәа   рцәыргақәҵа аартра.

Ацәыргақәҵа рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба, Жәлар реизара адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа.

Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа иазгәалҭеит, иахьатәи ацәыргақәҵа асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ииубилеитә рыцхәи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵреи, насгьы аҟазарақәа рыҟәша факультетны ашьақәгылареи ишрыдҳәалоу.

ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа иқәгылараҿы дазааҭгылеит, ААУ аҟазарақәа рфакультет ашьақәгылара аҭоурых. Иазгәеиҭеит, аԥсуа  ҟазара уаналацәажәо Нугзар Логәуа иҟазара аӡбазхә мҳәакәа ушзавымсуа. Аректор ҷыдала дазааҭгылеит, Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа арҿиара аус адагьы  еиҵагыло аҿар реиҵааӡараҿы иџьабаа атәы:

«Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит асеиԥш иҟоу абаҩхатәра ду змоу аҟазацәа, арҿиаҩцәа ахьҳамоу. Аҿар реиҵааӡара, урҭ акультура агьама дыркра аус аҟны злагала рацәоу Нугзар Логәа иааԥсарақәа рыхә ҳаракны ишьоуп», - иҳәеит аректор.

Нугзар Логәуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа еиднакылаз зегьы алшара рыман аҟазара  иаҵаҵәаху амаӡақәа рдунеи аҽалархәра. Аҟаза ицәажәараҿы иазгәеиҭеит: 

«Раԥхьаӡа иргыланы ари ацәыргақәҵа аҿар иртәуп, арҵаҩы изы еиҳау насыԥ ыҟам иҵаҩцәа рықәҿиарақәа лабҿаба ианибо. Аҟазара ахырхарҭақәа даара ирацәоуп, аха ҳара  хықәкыс иҳамоуп адунеитә ҟазара иашьашәаланы ҳусура "арԥсуатәра", убри аԥсуа елементқәа аҿар рылааӡара», - иҳәеит  ацәыргақәҵа автор.

Иазгәаҭатәуп, аҟазарақәа рфакультет адекан инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Логәуа ирҿиамҭақәа ишрыццәыргақәҵаз раԥхьаӡакәны афакультет иоунажьуа истудентцәа 13-ҩык русумҭақәагьы.

ААУ адоцент Руслан Чхамалиа иқәгылараҟны иҳәеит: 
«Аҟаза хаҭалатәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны истудентцәагьы русумҭақәа рцәыргара аҵак ду амоуп аҿар аҟазара рылааӡараҿы».

Иааидкыланы иугозар, иахьа зусура иалагаз ацәыргақәҵа аҟны ицәырган 70 инареиҳаны Нугзар Логәуа иусумҭақәа.

Ацәыргақәҵа иаҭаарц зҭаху рзы ашәқәа аартуп  ноиабр 30 рҟынӡа.