Азҵаара рыҭара



АҦСУА ҬҴААРАДЫРРАТӘ ЕИЛАЗААРА 100 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ

Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысуеит Аҧсуа ҭҵаарадырратә еилазаара (АбНО) аҧҵазижьҭеи 100 аҵра иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Аҧсуа ҭҵаарадырратә еилазаара - Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахыҵхырҭа".

Аусмҩаҧгатә еицеиҿыркааит: Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет. 

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ахьӡала аконференциа иалахәу дрыдныҳәалеит ААУ аҭҵаараус апроректор, академик Џьульетта Адлеиба. Уи лықәгылараҿы дазааҭгылеит Аҧсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аартра ҵакыс иамаз.

Ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа!
Иахьа иазгәаҳҭо арыцхә змадоу даара хҭыс дуӡӡоуп. Иаҳҳәар ҳалшоит: 100-шықәса раҧхьа еиҿкаахеит ҳаҧсадгьыл аразҟы ҿыц, аҿиарамҩа ҿыц анылашьа аӡбара иалахәыз аилазаара. Разҟуп, ҳәарада, ажәлар жәларны иҟазҵо "Адырра" азҿлымҳара, "Аҵаралашара" амҩа анылара. Зҭоурых иашьҭам ажәлар раҧхьаҟа рыҿиара уадаҩуп. 100-шықәса раҧхьа ихацыркын аҧсуа жәлар рҧеиҧш аӡбара шьаҟаны иазыҟалашаз аҭҵаараусқәа напы рылакра. 

Аҧсҭазаараҿы машәырла иҟало акагьы ыҟаӡам. Иааҟало зегьы маанак-маанак рыҵоуп. Уи амаана иаразнак аилкаара уадаҩзаргьы, аамҭа аныбжьыслак иумбар залшом уи ҵакыс иамоу. 

Аҧсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аартра ҵакыс иамаз маӡамызт. Маӡаӡамызт иара аркра иаҵаз амаанагьы. Аартра ахыҧша дуӡӡа аман, уи стимул бзиан аҭҵаарадырра аиҵхара аус аҿы, амала регрессиан иара аркра ҵакыс иамаз, уи аиҵархара иатәын, аха иара ыҟанаҵы иҟанаҵаз анырра даара иӷәӷәаны ашьҭа убарҭоуп аҧсуа ҭҵаарадырраҿы, уи знысыз амҩеи иахьа излаҟоу аҿи. Ари ҧышәа дуун, иагьрезонансын, иагьҿырҧшыган. Иахагылаз, ихацзыркыз ауаа, Лакоба ду иажәа змаз рус азнеишьа, ридеиақәа анаҩсангьы акыр имҩақәҵаганы иҟан зны иара иацназгоз, ашьҭахь иара аус иацызҵаз аҧсуаҭҵаара аусҳәарҭазы.

Мааноуп иахьа ҳаизарагьы зызку. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы, ҳҭоурых гәаҭаны, иахьа иҟаҳҵаша ҳнардыруеит, уаҵәтәи ҳҧеиҧш ҳазхьанарҧшуеит. Ҳгәы ҳҽаннаҵоит, агха ҳмыхьразы,  ҳҧеиҧш аиӷьтәразы. Абри иамааноуп, зегьы раҧхьаӡа иргыланы, иахьа иазгәаҳҭо арыцхә.

Аҧсуаҭҵаара аинститутгьы, Аҧсуа Академиагьы, Аҧсуа университетгьы уалс иҳаду акоуп, уи ауал анагӡара знапы алакыугьы еилахәу ҳауп, еилых ҳамаӡам: уи - ҳажәлар, ҳбызшәа, ҳҳәынҭқарра реиқәырхароуп, рырҿиароуп. Иҳалшо ҳаҿуп ҳара зегьы иахьа, аха иҳалымшогьы ҳалҳаршароуп! 

Иахьа лымкаала зыҩны ҳаҟоу, Аҧсуа ҭҵаарадырратә еилазаара ҳәа хыҵхырҭак аҳасабала ҳазхәаҧшуа имҩаҧнагоз аус ацҵара лымкаала знапы ианылаз ари ашықәсныҵра шәыдаҳныҳәалоит Аҧсуа университет аколлектив зегьы, иара Ахада Алеко Алықьса-иҧа Гәарамиа ҳаҧхьа днаргыланы!

Ақәҿиара дуқәа ҳзыҧшызааит ари аҭҵаараус, арҿиараус знапы алакыу зегьы, ҳажәлар зегьы! 
Иаатааит ҳамҩақәа!
Иҭабуп даараӡа!