Азҵаара рыҭара



ИХЫРКӘШОУП АҦСНЫ АҬОУРЫХИ АУААЖӘЛАРРАДЫРРЕИ РЗЫ АРҴАҨЦӘА РҦЫШӘЕИЗЫРҲАРА АКУРСҚӘА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ихыркәшоуп ҩымчыбжьа инеиԥынкыланы имҩаԥысуаз Аԥсны ашколқәа рҟны аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рырҵаҩцәа рԥышәеизырҳаразы акурсқәа. Урҭ еиҿкаан ААУ аҟны иҟоу аквалификациа аизырҳареи аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи ирызку Ареспубликатә центр абзоурала, Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра алархәны. Иахьа иҟаҵан акурсқәа реихшьаала.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, аҵареи абызшәатә политикеи рминисттра аҭоурых азы аметодист Нона Кәыҵниа, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан инапынҵақәа назыгӡо Алик Габелиа, аҭоурыхтә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа.

Иазгәаҭатәуп, акурсқәа шымҩаԥысуаз алекциақәеи, асеминарқәеи, атренингқәеи рформала. Идырбан иара убасгьы аҟаза икласс. 

Алекциақәа ирыԥхьон ААУ апрофессор-рцаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәеи ҷыдала ааԥхьара змаз аспециалистцәеи.

Абжьаратә школқәа рҿы аҭоурых амаҭәар рызнагашьа аметодқәеи, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәареи уҳәа имаҷмызт акурсқәа рҟны иззааҭгылаз азҵаарақәа. Азыӡырҩцәа алекциақәа рҟны идырҳаз атеориатә дыррақәа практикала рышьақәырӷәӷәаразы еиҿкаан иара убас акультура-ҭҵааратә ныҟәарақәагьы: иаҭааит Аҟәатәи абаа, С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театри Ф. А. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театри рыспектакльқәа. 

Ашьақәыргыларатә сессиа ахыркәшара иазку аусмҩаԥгатә аартуа Медеиа Ченгьелиа иазгәалҭеит: 

«Ҳкурсқәа хықәкыс ирыман арҵаҩцәа Аԥсны аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рганахьала иҭбаау атеориатә база рыҭареи, иҿыцу азнеишьақәа рыдгалареи. Уи аус аҟны ҳара ацхыраара ду ҳарҭеит ААУ аҭоурыхтә факультети азиндырратә факультети  рырҵаҩцәа. Ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәоит ауниверситет аректор, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа акурсқәа реиҿкаараҿы иҟаиҵаз адгылареи ацхыраареи рзы», - лҳәеит Медеиа Ченгьелиа.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны акурсқәа рзыӡырҩцәа рзы аҭоурых амаҭәар ала аҟаза икласс мҩаԥызгаз 5-ҩык арҵаҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан. Еизаз идырбан ҩымчыбжьатәи акурсқәа русура аазырԥшуаз авидеонҵамҭақәа.

Аҵыхәтәаны акурсқәа ирхылахәыз азыӡырҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит аџьабаа рыдызбалаз рырҵаҩцәа. Иазгәарҭеит, ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа алекциақәа ирыԥхьоз аҵарауаа хатәрақәа рзыӡырҩра агәахәара ду шырнаҭаз. Ирҳәеит, идырҳаз адыррақәеи аԥышәеи дасу русураҿы рхы ишадырхәало. 

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа лықәгылараҿы иазгәалҭеит, асеиԥш иҟоу акурсқәа рымҩаԥгара акырӡа шаҵанакуа, аимадарақәа иҵегьы ишырӷәӷәалатәу. Насгьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит ҩымчыбжьа ирылагӡаны, зҽагмырхаӡакәа, аамҭа ԥшааны акурсқәа рахь иныҟәоз арҵаҩцәа.

Зынӡа акурсқәа рхы рыладырхәит хҭәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтә 60-ҩык инареиҳаны Аԥсны аҭоурыхи ауаажәларрадырреи дзырҵо арҵаҩцәа. Аха макьаназы изхысыз ашьақәыргыларатә сессиа мацара ауп, анаҩс дара ирҩыроуп иалкаау атемақәа рыла аусумҭакәа. Убасҟан ауп  аԥышәеизырҳаразы акурсқәа ишырхысыз ала аршаҳаҭгақәагьы анрыҭахо.