Азҵаара рыҭара



АПЛЕНЕР АЛАХӘЫЛАЦӘА АҲАМҬАҚӘА РАНАРШЬЕИТ

Ноиабр 8 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рфакультет аҟны имҩаԥысит VII Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2022» алахәылацәа адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьара ацеремониа. Апленер мҩаԥысуан октиабр 3 инаркны 12-нӡа, сынтәа иара азкын ААУ 90 шықәса ахыҵра.

Аҟазарақәа рфакультет адекан инапынҵақәа назыгӡо Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит:
«Ҳара ҳзы сынтәатәи апленер даара акраҵанакуан, избанзар уи мҩаԥган ҳҵараиурҭа аиубилеитә шықәса аҳаҭыраз, убри аҟнытә ирацәаҩын ҳтәыла анҭыҵ, Урыстәыла арегионқәа рҟнытәи иаҳзааз асасцәа».

Нугзар Логәуа иажәақәа рыла, арт-пленерқәа рымҩаԥгара хықәкыс иамоуп асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳара, рҵара иалагӡаны ироуа атеориатә дыррақәа апрактикаҿы рышьақәырӷәӷәара, аҧышәа аимдара.

«Аҟазарақәа рыҟәша сынтәа факультетны аҟалара еиҳагьы арҵаҩцәеи астудентцәеи аҭакԥхықәара ду рыднаҵоит», - иазгәеиҭеит афакультет анапхгаҩы.

Нугзар Логәуа ҷыдала иҭабуп ҳәа реиҳәеит апленер аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы ахы инаркны аҵыхәанӡа аџьабаа збаз зегьы.

VII Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2022» алҵшәақәа рыла иахьа 35-ҩык астудентцәа рнапаҿы ирыҭан адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи. Иара убасгьы аҳамҭақәа ранашьан аҟазарақәа рфакультет арҵаҩцәа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ аҟазарақәа рфакультет арҵаҩцәеи астудентцәеи.