Азҵаара рыҭара



МАРИНА БАРЦЫЦ: АҴАҨЦӘА ИРЫЛААӠАЛАТӘУП АҦСУА МИЛАҬТӘ ПСИХОЛОГИА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ирыцырҵоит Аԥсны аҭоурыхи ауаажәларрадыреи дзырҵо абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа рԥышәеизырҳаразы акурсқәа. Уи еиҿкаауп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иҟоу Аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи ирызку Ареспубликатә центр абзоурала, иагьымҩаԥыргоит Ацентри Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи еилахәны.

Акурсқәа ирхысуеит 60-ҩык инареиҳаны Аԥсны араионқәа рырҵаҩцәа. Алекциақәа ирыԥхьоит ААУ аҭоурыхтәи азиндырратәи факультетқәа рыпрофессор-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәеи ҷыдала иааԥхьоу аспециалистцәеи.

Иахьа аԥышәеизырҳара иахысуа азыӡырҩцәа рзы алекциа мҩаԥылгеит аетнолог, ААУ адоцент, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыц.

Аԥсны аҭоурыхи ауаажәлррадырреи дзырҵо арҵаҩцәа рԥышәеизырҳара иазку акурсқәа реиҿкаареи, рымҩаҧареи, рҵаки атәы аҵарауаҩ дазааҭгылеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникацақәеи рыҟәша акорреспондент Аида Смыри лареи реиҿцәажәараҟны.

Марина Барцыц иазгәалҭеит аԥсуаа рмилаҭтә ԥсихологиа аҭоурых аҟны аҭыԥ ду шаанакыло:

«Аԥсуаа рмилаҭтә ԥсихологиа рхымҩаԥгашьаҿы, рыԥсҭазаараҿы, рынхараҿы уи ижәытәӡоу аҭоурых аҟынтәи иаауеит, убри акәын изызкыз иахьатәи ҳлекциа. Амилаҭ рҭоурыхи ркультуреи адырра акраҵанкуеит еиҵагыло аҿар рзы. Ассимилиациа иахҟьаны зны-зынла иаабоит ҳмилаҭ хаҿы ацәыӡра ҳшаҿу, ҳхы ҟәнаҳшьо аҟынӡагьы ҳнеины ҳшыҟоу, урҭқәа зегьы амдырреи инагӡаны аилымкаареи ирыхҟьоит, аимадара апроблема ҳагхеит ҳара. Ашколқәа рыла абри азҵаара аларҵәара аҭахуп: дыррала, ҭҵаарала, ҿырԥштәыла.

Акырӡа аҵанакуеит асеиԥш иҟоу акурсқәа рымҩаԥгара. Иҭабуп идуӡааны ҳәа расҳәоит уи аиҿкааҩцәа. Ауниверситет ари наука-ҵарадырратә школуп, арҵара аус адагьы араҟа анаука ыҟоуп, аҭҵаареи аԥсҭазаареи еидҳәалазароуп. Ашәҟәы ма аметодикатә материал акьыԥхь аурбаанӡа иажәуеит, аха асеиԥш иҟоу аиқәшәарақәа ирыбзоураны ҳара ҳԥышәа аҿар ирымаадоит – уи зыԥсы ҭоу наукоуп.

Сгәаанагарала, ашкол аҟны «Аԥсуара» амаҭәар алагалатәуп. Аԥсуара – аԥсуа жәлар рыуаҩышьа-етикатә принципқәа реизгоуп, уи азеиԥшуаҩытәыҩсатә хымҩаԥгашьа аԥҟарақәеи аетикеи ирыдҳәалоуп. Ҳара аԥсуаа иахьа уажәраанӡа ҳаибаркны ҳаазго ҳдоуҳатә беиара ауп, уи аныҟамла милаҭк аҳасабала ҳхы ҳзеиқәырхом. Абжьаратә школқәа рҵаҩцәа ирылааӡалатәуп аԥсуа милаҭтә ԥсихологиа».