Азҵаара рыҭара



АҦСНЫТӘИ АҾАР ҞАРАЧЫ-ЧЕРҚЬЕСТӘЫЛА РЫҞАЗААРА

Жьҭаара 26-31 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет В. П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр анапхгарала афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ I–II акурсқәа рҟны аҵара зҵо Анқәаб Даниел, Бигәаа Марина, Чхеиӡе Елана, Кархалаа Камила, Цкәуа Иланда алахәын Ҟарачы-Черқьестәыла аҳҭнықалақь имҩаԥысуаз «Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль».
Аԥснытәи аделегациа Ҟарачы-Черқьестәыла рыҟазаара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа хацыркын «Аиааира Апарк» аҟны иҟоу Ҟарачы-Черқьесскынтә Аԥсны ахьчара зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵарала.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аделегациа жьҭаара 28 рзы иаҭааит Х.Дагужиев ихьӡ зху Ҟәбинатәи абжьаратә школ. Уаҟа аҭыԥантәи аҵаҩцәеи дареи еилахәны еицымҩаԥыргеит Ҟәбина ииз, иааӡаз еицырдыруа абаза шәҟәыҩҩцәа Џьемуладин Лаҩыҵәи Ҟали Џьгәаҭани риубилеитә шықәсхыҵрақәа ирызкыз ахәылԥаз.
Аиԥылараҟны иқәгылеит иара убас еицырдыруа абаза ҵарауаҩ Сергеи Пазов, Аԥснытәи аделегациа аиҳабы Ахра Анқәаб, аиԥылара зыхьӡ адҳәалаз, абазажәа сахьарк арҿиаҩцәа хатәрақәа рԥацәа – Борис Џьгәаҭани Нури Лаҩыҵәи.
Жьҭаара 29 рзы ҩышәҩык инарыцны аҿарацәа злахәыз афестиваль аҟны Аԥснытәи астудентцәеи урҭ ирыцны уахь инеиз – Х.Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1, В.Аргәын ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 рҵаҩцәа рықәгыларақәа гәахәара ҳаракыла ирыдыркылеит. Аԥснынтәи афестиваль иалахәыз аԥсышәала мацара акәымкәа, исахьаркны ирыԥхьеит ҳазну ашықәс азы зиубилеитә шықәсхыҵрақәа ыҟоу абаза поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи - Ԥ.Цеҟәа, Џь.Лаҩыҵә, Ҟ.Џьгәаҭан, М.Ҭлабыча уҳәа рырҿиамҭақәа абаза бызшәала.
Жьҭаара 30 рзы аиԥылара мҩаԥган еицырдыруа аҵарауаҩ нага Н. Б. Екба ихьӡ зху Старокувинсктәи (Хәажәдутәи) абжьаратә школ аҟны. Араҟагьы, ари ақыҭа иалиааз, сынтәа зиубилеитә шықәсхыҵрақәа ыҟоу Ҳамид Џыри Мира Ҭлабычеи рырҿиара иазкны Аԥснытәи агәыԥ анапхгаҩы иқәгылара анаҩс, ажәеинраалақәа исахьаркны рыԥхьара хадырҭәаауан аҭыԥантәи аҵаҩцәа рашәаҳәареи рыкәашарақәеи.
Нхыҵтәи ҳашьцәеи ҳареи ҳаибабара агәцаракреи, иҵегь арцыхцыхреи рзы ажәа ԥхақәа рыла иқәгылеит ашкол адиректор Кьылба Амра, Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ашба Роберт уҳәа аӡәырҩы. Ари аиԥылара азкын, убасгьы Хәажәду – Старокувинск иқәынхо ауааҧсыра Ԥсыҳәынтәи илбааны (1867 ш.) уаҟа анхара нап адыркижьҭеи 155 шықәса аҵра.
Аԥснытәи аҿари Нхыҵ-Кавказтәи ҳаешьаратә жәларқәеи реимадарақәа, еиуеиԥшым хырхарҭала рырҵауларазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, ҳазну ашықәс цәыббрамза 22 рзы иаартыз, В. П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр раԥхьатәи ашьаҿақәа иреиуоуп ари ахҭыс.
Аԥcнытәи аделегациа анапхгаҩы Ахра Анқәаб иажәақәа рыла, аԥсуа ҿари Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ҳашьцәеи рыбжьара аимадарақәа аԥхьаҟагьы рыҽдырҭбаалоит.