Азҵаара рыҭара



АҴЫХӘТӘАНТӘИ ИМҨАХЬ ДНАСКЬАРГЕИТ

Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ААУ  актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аекологиеи, ауаҩи аԥсабареи ршәарҭадара жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, К. Е. Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонавтика аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мензбировтәи аорнитологиатә еилазаара алахәыла, апрофессор Виктор Илиа-иԥа Маланӡиа.


Аҵарауаҩ иҧсыбаҩ зҭаз аҭоубыҭ ықәыргылан Аҟәа, Арҵаҩы иҩны аҟны. Виктор Илиа-иԥа наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц уахь инеит атәыла анапхгара, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, аҵарауаа, астудентцәа, араионқәа рҵара аҟәшақәа рхаҭарнакцәа, ауацәа, аҭынхацәа, аҩызцәа.

Аҵыхәтәаны имҩаҧысит алахьеиқәҵаратә митинг. Уи ааиртит, иагьымҩаҧигон ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа. Анаҩс дықәгылеит Аԥсны аҭҵаарадыраақәа ракадемиа Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар. Уи инарҭбааны дазааҭгылеит Виктор Илиа-иҧа Маланӡиа иҧсҭазааратә мҩеи иусуреи. Аҵарауаҩ иҧсҭазаара иалҵра аҧсуа ҭҵаарадырреи, ауниверситети, атәыла зегьы азы ишцәыӡ дуӡӡоу азгәарҭеит иара убасгьы анаҩс ажәа змаз ААУ апедагогикеи аметодикеи ркафедра аиҳабы Алықьса Касланӡиа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы Зураб Џьапуа, Аԥышәарҭатә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аиҳабы Зураб Амқәаб, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор  Борис Тунеев, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аботаникатә институт аиҳабы  Едуард Гәбаз, аҳақьым-ареаниматолог Дамеи Занҭариа.

Аҵарауаҩ иҧсҭазаара иалҵра инамаданы ААУ аректори аҭаацәеи рыхьӡала Аԥсны анҭыҵынтәи адышшыларақәа жәпакы аарышьҭит. Урҭ дрыҧхьеит ажурналистика акафедра аиҳабы Гәырам Амқәаб.

ААУ аректор ихьӡала адышшылара ҟарҵеит абарҭ аҵараиурҭақәа: М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет, Уралтәи апедагогикатә университет, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.К. Тимботов ихьӡ зху аекологиеи ашьха ҵакырақәеи ринститут, В.М. Коков ихьӡ зху  Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет; Приднестровтәи, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи, Адыгатәи, Ҟарачы-Черкессктәи аҳәынҭқарратә университетқәа. 

Хаҭала адышшыларатә телеграммақәа аазышьҭыз иреиуоуп: Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.К. Тимботов ихьӡ зху аекологиеи ашьха ҵакырақәеи ринститут аиҳабы Фатимат Тимботова, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Татиана Гуланиан, Маиҟәаԥтәи атехнологиатә университет апрофессор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Емилиа Сиратиук, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Нафиса Мингазова, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Галина Иупина, Нижни Новгород аекологиатә центр  «Дрон» аиҳабы Марк Пестов, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет апрофесор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аорнитолог Виктор Белик, Северцев ихьӡ зху Москватәи аекологиеи аеволиуциеи ринститут аусзуҩ, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Елена Илиашенко, Урыстәылатәи академиа иатәу Тимботов ихьӡ зху аекологиеи ашьхатә ҵакырақәеи ринститут аиҳабы Фатимат Тимботова.

Иара убасгьы адышшыларатә телеграмма аарышьҭит Урыстәыла зҵара иацызҵо ААУ абиологиа-географиатә  факультет аушьҭымҭацәа.

Виктор Маланӡиа анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Тамшь.

Хашҭра иқәымзааит!