Азҵаара рыҭара



Жәларбжьаратәи арт-пленер "Аҧсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2022"

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит VII Жәларбжьаратәи арт-пленер "Аҧсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2002" алахәылацәа реихшьаалатә цәыргақәҵа. Араҟа ицәырган аҳәаанырцәынтәи иааз асасцәеи, аҧсуа сахьаҭыхыҩцәеи, ААУ аҟазарақәа рфакультет астуденцәеи русумҭақәа.

Ацәыргақәҵа аартраҿы ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа апленер алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит аҟазарақәа рыҟәша факультетны иахьышьақәгылаз. Иазгәеиҭеит, аҧхьаҟа азҿлымҳара шаҭатәу амилаҭтә инструментқәа дырҵара, ишазхәыцтәу аҟазараҭҵааҩцәа рааӡарагьы. 
ААУ аҟазарақәа рфакультет аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо, адоцент Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит, апленер алахәылацәа аус шыруаз Аԥсны еиуеиҧшым аҭыԥԥшӡарақәа рҟны.

«Асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рҟны ҳмилаҭтә елементқәа аныԥшырц азы асасцәа ирыман аҭагылазаашьа есыҽны еуеиԥшым ақалақьқәа рҟны аусуразы», - иҳәеит Н. Логәуа.

Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аҧсны ҭагалантәи ашәыгақәа 2022» иалахәыз аҳәаанырцәтәи асасцәа иҭабуп ҳәа ахырҳәааит аҵараиурҭа иабзоураны мчыбжьык аҩнуҵҟа атәылаҿы аус руртә алшара ахьрымаз азы. Насгьы урҭ ААУ астудентцәа рахь рхы нарханы ирҳәеит, аус ахьыруа рҵараиурҭақәа рҟны еснагь ишырзыԥшу, ааҧхьарагьы шрырҭо.

VII Жәларбжьаратәи арт-пленер алахәылацәа рцәыргақәҵа ихы алаирхәит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, иара убас ҳтәылаҿы еицырдыруа аҟазацәа, асахьаҭыхыҩцәа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, астудентцәа.
Ацәыргақәҵаҿы ицәырган зынӡа 100 инареиҳаны аусумҭақәа.