Азҵаара рыҭара



"Урыстәылеи Мраҭашәареи реиҿагылараҟны Аҧсны иааннакыло аҭыҧ"

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит "Урыстәылеи Мраҭашәареи реиҿагылараҟны Аҧсны иааннакыло аҭыҧ" ҳәа хыс измаз астол гежь. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ аусзуҩцәа - аҭоурыхҭҵааҩцәа, аполитологцәа апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, аҭоурыхтә факультет аҟны аҵара зҵо астуденцәа.

Астол гьежь аиҿкааҩ, ААУ жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Мақсим Ӷәынџьиа иажәахә аҟны дазааҭгылеит агеополитикатә хәмарра ду аҟны Аԥсны аҭагылазаашьа.

ААУ аректор, академик  Алеко Гәарамиа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, астудентцәа рахь ихы нарханы иазгәеиҭеит: "Иҭышәҵаала шәҭоурых, азҿлымҳара рышәҭала шәыжәлар знысызи ирхыргази агәаҟрақәа. Шәара ишәымоуп алшара шәырҵаҩцәа рыла иахьа адыррақәа рырҳара, шәхы иашәырхәа урҭ рԥышәа. Амилаҭтә университет аҟны аҵара зҵо зегьы шәхы аус адыжәулалароуп, уи ада шәмилаҭ рҿахәы шәызҳәом".

Астол гьежь аҟны актуалра зҵоу атема дахцәажәауа аректор иҳәеит, Аԥсны ҵакырала имаҷзаргьы, агеополитака аҟны аҭыҧ ду шааннакыло, аҿаргьы уи еилкааны рыҩаӡара шьҭырхыр шрықәнагоу.

ААУ аҭоурыхтә факультет Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рҭоурых арҵаҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Илона Агрба лажәахә рызкын жәларбжьаратәи ахҭысқәа, Аԥсны ижәытәӡатәиуи ҳаамҭазтәии аҭоурых ишаныԥшуа.

Астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны иаазыркьаҿу аацҳарақәа ҟарҵеит: ААУ аполитологиа  акафедра арҵаҩы еиҳабы, аполитолог Беслан Ҳагбеи аҭоурыхтә ҭҵараадыррақәа рдоктор, адоцент Гәырам Гәымбеи, ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы Емма Гамсаниеи. Иара убас астол гьежь алахәылацәеи астудентцәеи ишьҭыхыз атемала ргәаанагаракәа еибырҳәеит.

Аиқәшәара хыркәшо ААУ жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Мақсим Ӷәынџьиа иҳәеит, аҿар рдунеихәаԥшышьа ашьақәгылареи урҭ рымҩақәҵареи рганахьала асеиԥш иҟоу астол гьежьқәа русура аҵараиурҭаҟны наҟ-наҟгьы ишацҵахо.