Азҵаара рыҭара



АЖУРНАЛИСТ ИУААЖӘЛАР РҾАХӘҲӘАРА ДАЗХИАЗАРОУП

Арубрика: Аҿар ражәа

Аҧсҭазаараҿы  зыда ҧсыхәа ыҟам занааҭуп ажурналистика. Ажурналист – аҧсҭазаараҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа аазырҧшуа, аиаша адунеи иазырбо уаҩуп. Узанааҭ иацу аҭакҧхықәра дырны, инарҵауланы уазнеир, хымҧада унапаҟны аагара улшоит.

Ажурналист иажәа ҭоурыххоит, ицәыриго, иааирҧшуа иашазар. Атема аҧшаара, аус адулара, нас амассатә хархәагақәа рахь анагара ус мариам. Аха ишахәҭоу ианынагӡахалак амҵәыжәҩа аиуеит, адунеи зегь иахыҵәоит.

Иҟоуп убас еиҧш иуадаҩу ахҭысқәа, ажурналист темас ианышьҭихуа.Уи ишахәҭоу азнеишьа дақәшәар, ихықәкгьы арманшәалоит. Хымҧада, ажурналист дахьыҟазаалакгьы итәыла, иуаажәлар рҿахәҳәара дазхиазароуп.

Хаҭала сара сзанааҭ алхра сцәыуадаҩын, аха, апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа ишылҳәахьоу еиҧш, «уҽыззукуа аҽузнакуеит». Ус иагьыҟалеит сыҧсҭазааратә мҩаҿы. Ашкол саналга ашьҭахь исыӡбеит ажурналистика азанааҭ алысхырц.

Иахьа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара шысҵогьы, еиласыгӡоит ҳәа саҿуп сусуреи иареи – Гәдоуҭатәи араионтә телехәаҧшра аурыс редакциахь срыдыркылеит. Сара сзын уи крызҵазкуа шьаҿоуп, уи аҿы саангылап ҳәа сгәы иҭам, саҧхьаҟа хықәкқәас исымоу рацәоуп, аха урҭ зегьы рынагӡаразы иаҭахуп урҭ адырра ҵаулақәа.Исҭахуп сыуаажәлар сырҿахәҳәаҩны сҟаларц, аиаша ауааҧсыра ирызназгаларц.

Ҳара иаадыруеит аҧсуа журналистика аҿиара шымариамыз, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ишырхысыз, аха ҳаҧсуа журналистцәа ирылшеит Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа иахәҭоу аҳаракырахь рнагара. Уажәшьҭа ҳара аҿар иаҳуалҧшьоуп уи аус аихаҳара.

* Жасмин Едраҭ-иҧҳа Гьерзмаа, диит лаҵарамза 23, 2004 ш. Гәдоуҭа араион Дәрыҧшь ақыҭан. 2021 ш. далгеит В.К. Аргәын ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 2-тәи абжьаратә школ. 2022 ш. дҭалеит ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша.

Жасмин Гьерзмааҧҳа,

афилологиатә факультет

ажурналистика азанааҭ

I акурс астудент *