Азҵаара рыҭара



Аиааира амш аламҭалаз Алеко Гәарамиа зыхшара ҭахаз анацәа дырԥылеит

Аиааиреи ахьыҧшымреи рныҳәа инамаданы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыхшаара ҭахаз анацәеи, аибашьра иалахәыз ААУ аусзуҩцәа-аветеранцәеи афилологиатә факультет астудентцәеи реиҧылара.

Аусмҩаҧгатә иалагаанӡа асасцәа идикылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа. Уи еизаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо инаҵшьны иазгәеиҭеит, асеиҧш иҟоу аиҧыларақәа акырӡа шрыҵаркуа, ишхымҧадатәиу.

Аибашьраан зыхшаара ҭахаз анацәа ракәзар, асумҩаҧгатә аиҿкаара ацхыраара азҭаз зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ауниверситет аректор иҟны имҩаҧысуаз аиҧылара ахыркәшамҭаз аибашьраан зыхшара ҭахаз анацәа иранашьан ашәҭқәеи аҳамҭақәеи.

Анаҩс аиҧылара иацҵан афилологиатә факультет Фазиль Искандер ихьӡ зху акабинет аҟны.

Аиҧылара аартуа аусмҩаҧгатә аиҿкааҩ, ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа лықәгылараҟны иазгәалҭеит, аусмҩаҧгатә хықәкы хадас ишрымоу астудентцәа апатриотизми аҧсадгьыл абзиабареи рылааӡаара.

Екатерина Бебиаҧҳа ҭабуп ҳәа ралҳәеит аусмҩаҧгатә аиҿкаараҿы адгылареи ацхыраареи лызҭаз Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети иара убас Адунеизегьтәи аҧсуа абаза конгресс иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи.

Аиҧылараҿы еизаз идырбан аибашьраантәи авидеонҵамҭақәа, зыхшара ҭахаз анацәа ирызкыз ателеочеркқәа рцыҧҵәахақәа.

Аҵыхәтәаны астудентцәа рҿаҧхьа иқәгылеит аибашьраан зыхшаара ҭахаз анацәа, иргәаладыршәеит изнысыз амҩа. Иазгәарҭеит, ахақәиҭреи ахьыҧшымреи еснагь ишрыхӡыӡаалатәу, ишыхьчалатәу аҭынчра. Ирҳәеит, Аҧсны алахьынҵа знапаҿы иҟоу аҿар шракәу.

Анаҩс ажәа рыман иара убасгьы аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхшарагьы, урҭ рахьтә иҟоуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус зуа, иахьа истудентцәоу.

Анацәа ашәҭқәеи аҳамҭақәеи ранашьан Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахада Мусса Егзакь ихьӡалагьы.