Азҵаара рыҭара



Сгәы иалнахыз азанааҭ

Ишәыдаагалоит ААУ астудентцәа ранҵамҭақәа зныло арубрика ҿыц "Аҿар ражәа". Арубрикаҟны  шәаԥхьарц шәылшоит аҿар ражәеинраалақәеи, рхәыцрақәеи ргәаанагарқәеи  зныԥшуа анҵамҭақәа.


Ауаҩы иҧсҭазаараҿы акырӡа ихадоу аҭыҧ ааннакылоит иара иҧсҭазааратә мҩа здиҳәало изанааҭ, уи иҳараку, иҧшьоу хырхарҭоуп. Угәы зызцо азанааҭ уҽагәылаухалар, иара ахаҭа уаманы аҳаракырахь унанагоит.

Сара хаҭала снапы зласкырц исҭаху азанааҭ ажурналистика ауп, иара гәыла, хшыҩла иалысхит. Уи иаҵоу амаӡақәа реилкааразы исыӡбеит адырра ашҭахь схы сырхарц, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет сҭаларц. Зылхра мариамыз схықәкы сыҧшааит, сҽацәхьаскуам.   Иалысхит, иҵабыргыҵәҟьаны, сара еиҳа исышьашәалоу, еиҳа исзаақгәоу азанааҭ. Ирыбжьоузеи, ирыбжьанакуазеи ауаҩы ихшыҩи икалами? 

«Инагӡам, иҩым аҭацәырақәа рхарҭәаара  ҟазарыла зҽазызшәо  – джурналиступ» – ари лҳәамҭоуп англыз журналист Ребекка Уест. Зыхьӡ нагоу журналистк иаҳасабала рҵакы ҳаракуп лажәақәа.

Ажурналист – ари, раҧхьаӡа инаргыланы, аиаша хырӷәӷәарҭас измоу, аҭоурых баагәараҵас ззанааҭ иаҿыкәыршоу, бџьар хадас аҿаҧыц змоу, ауааҧсыра рҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду зду ҟазоуп.

Заҟа зҵаара ҳзықәнаргылоузеи аамҭа иахьа? Урҭқәа зегьы рҭакқәа ҧшаатәуп. Аамҭа ишьақәнаргылап Иаба? Ианба? Ишҧа? Уаанӡа срышьҭанеилап сыгәҭакқәа, срызнеип сҿаҧхьа иқәсыргылаз схықәкқәа.

Избан изалысхыз ажурналистика? Ажәа арҿиара сара сгәацҧыҳәоит, сыжәлари сыҧсадгьыли рымаҵ аура уалҧшьаны исыҧхьаӡоит. 

Сзанааҭ сҽагәылакны есҽны сдыррақәа еизсырҳалоит. Иарбан мшызаалакгьы иамысхуеит дырра ҵаулак. Адырра еиҳау мчы ыҟам. Ганрацәала еиҿартәу ауаа, еиуеиҧшым азанааҭқәа знапы рылаку, сырҿыҧшуеит. 

Аҧсҭазаара – маланыҟәоуп, ақәтәашьа, арныҟәцашьа ишахәҭоу уақәымшәар, иалшоит укаҳар. Азанааҭгьы убасоуп – иҟауҵо бзиа ибаны, идырны, иҭҵааны ианыҟауҵо аџьабаа унарбаӡом, алҵшәагьы амазаауеит.

Кәицҵас сгәаҵаҿ еибакуп иалысхыз азанааҭ абзиабара. Сыҧсадгьыл ахьӡ аҭгара, хара анагара, сбызшәа ссир аизырҳара, сыжәлар иреиӷьу рхаҭарнакцәа рыхьӡ анаӡаӡатәра хықәкы хадас исымоуп. Амҩа сықәлоит схықәкы анагӡаразы сымчи сылшареи еизакны. Уи инагӡаны снапаҿы аагаразы исыцзаауеит сыжәлари сыҧсадгьыли рахь исымоу абзиабара ду!

           Сықәлоит мҩа харак,

           Маӡала, маӡала,

           Исымоуп гәаҳәарак:

           «Стәыла ҧшӡа, уҿиала!»

*  Мадина Нодар-иҧҳа Амҷба диит ҧхынгәымза 28, 2004 ш. Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан. 2010 шықәсазы дҭалеит М.Г. Амҷба ихьӡ зху Џьгьардатәи абжьаратә школ, дагьалгеит уи 2022 ш., хьтәы медалла. Анаҩс ААУ имҩаҧнагоз «Аҳаракырахь амҩа» зыхьӡыз аолимпиадаҿы аиааира лгеит. Уи иабзоураны ҧышәарада ауниверситет ахь дрыдыркылоит.

Даныхәыҷыз инаркны илыҩуеит ажәеинраалақәа. Урҭ раӷьырак акьыҧхь рбахьеит Очамчыра араионтә газеҭ «Ерцахә», ажурнал «Аҧсынгьери» адаҟьақәа рҿы, иара убасгьы ашәҟәыҩҩцәа қәыҧшцәа рҩымҭақәа реизга "Иҿыхоит сгәаҵаҿ апоезиа" зыхьӡу аҿы.

 

Мадина Амҷба,

афилологиатә факультет

ажурналистика азанааҭ

I акурс астудент.