Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны имҩаԥысит «Аиҭагареи акультурабжьаратә еимадарақәеи» рзанааҭ ала аҵара зҵои, «ажурналистика» ахырхарҭа иҭоу астудентцәеи рԥышәеизырҳара иазкыз аиԥылара.
Асахьаркыратә литературеи аҭоурыхтә хыҵхырҭақәеи реиҭагара иадҳәалоу амаӡақәа дырзааҭгылеит аҵарауаҩ, аԥышәа ду змоу аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Денис Чачхалиа.
Аҵарауаҩ инарҭбааны дахцәажәеит Аԥсны аҭоурых аҟны аиҭагара аус иамоу аҵакы. Еиҭеиҳәеит асахьыркыратә литератураҿы иааннакыло аҭып.
Денис Чачхалиа астудентцәа ирабжьигеит, 787-1072 шш. рыбжьара иҟаз Аԥсны аҭоурыхтә хҭысқәа еиҭазҳәо аҩыра, ажәытә ақырҭшәахьтә аԥсшәахь еиҭеигаз, «Аҧсуа ҧсҳацәа рҭоурых» аԥхьара.
Асахьаркыратә еиҭагара аус аҿы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рылшамҭақәа ртәы астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит аиԥылара зхы алазырхәыз апоет, аиҭагаҩ Владимир Занҭариа.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ, арҵаҩы Ҭамила Аршба лажәақәа рыла, астудентцәа рԥышәеизырҳаразы асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа еиҿкаалахоит лассы-лассы. Дук хара имгакәа иазԥхьагәаҭоуп апоет, аиҭагаҩ, аҵарауаҩ Владимир Занҭариеи, адоуҳатә терминқәа реиҭагара иазҟазоу Аб Дараҭ Дбари, апоет, аиҭагаҩ Геннади Аламиеи, аҵарауаҩ Арда Ашәбеи уҳәа аҵарауаа аӡәырҩы рԥыларақәа.