Азҵаара рыҭара



Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аколлектив иирамш идырныҳәалоит аҵараиурҭа аректор, академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа

Ҳаҭыр ду зқәу Алеко Алықьса-иԥа!
Жәытәнатә аахыс аԥсуа жәлар ирылиаауан аҵеицәа иашақәа, аҧхьагылаҩцәа, амилаҭтә фырхацәа,​ аҵарауаа нагақәа, арккаҩцәа дуқәа. Убарҭ рахьтә Шәара шәыруаӡәкуп ҳаамҭазы Аҧсны адунеи иадыруа иҟазҵаз аҵарауаа.

Ҳара ҳзы игәадуроуп Шәара – адунеиаҿ еицырдыруа аҵарауаҩ,​ аԥсуаа рахьтә раԥхьаӡакәны афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа​ ирдокторхаз, апрофессор, аҵареи аҭҵаарадырреи рус аиҿкааҩ,​ Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи,​ Европатәии Урыстәылатәии аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәеи рлахәыла,​ М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети Оксфордтәи Академиатә Еидгылеи рҟны Ҳаҭыр зқәу апрофессор, Адыгьеиатәи, Арцахтәи,​ Приднестровиатәи ауниверситетқәа Ҳаҭыр зқәу рдоктор, Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи аҳәынҭқаррақәа рҟны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Европатәи аректорцәа рклуб алахәыла, Оксфордтәи Академиатә Еидгыла иалоу,​ 1991-1996 шш. рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра​ Иреиҳаӡоу Асовет - Апарламент адепутатс иҟаз, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу – ҳмилаҭтә университет напхгара ахьашәҭо.

Шәара шәлагалеи​, шәааԥсарақәеи, шәхыԥшеи ирыбзоураны, ҳҵараиурҭа ахьӡ хара инаҩхьеит.​ Урҭ ирлыҵшәаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Урыстәылатәии, егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа руниверситетқәеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рыбжьоуп, ишьақәыргылоуп жәларбжьаратәи аҵаратә, аҭҵаарадырратә, акультуратә еимадарақәа. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа  рырӷәӷәаразы Урыстәылатәи Афедерациа​Апрезидент иҟынтә хаҭала Аҳаҭыртә шәҟәы шәанашьан.

Напхгаҩык, ҵарауаҩк иаҳасабала шәусура, ганрацәала еиларсу шәхаҭара еиҵагыло аҿар рзы еснагь иҿырҧшыгоуп.

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзира, аманшәалара, ақәранҵыра ду, шәнапы злаку аусқәа рҟны аихьӡареи аартра ҿыцқәеи. Ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари шьардаамҭа шәрыгымзааит!