Азҵаара рыҭара



ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа Мордоватәи аҳәынҭқарратә университет аҵарауаа идикылеит

Ԥхынгәы 14 азы Апснытәи ахәынткарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа Мордоватәи аҳәынҭқарратә университет аҟнытә аҵарауаа идикылеит. Аҵарауаа рделегациа иалан: абиологиатә ҭҵаарадырракәа рдоктор, апрофессор,  Мордоватәи аҳынҭқарратә университет абиологиатә факультет адекан, "Абиотехнологиеи абиоенергетикеи" рытҵаарадырратә школ аԥҵаҩы Виқтор Уасил-ипа Ревин, атехникатә ҭҵаарадырракәа рдоктор, апрофессор, Н.П. Огориов ихьӡ зху ахәынткарратә университет атҵаарадырра аус азы апроректор Пиотр Уасил-иԥа Сенин. Аиԥылара аҟны иалацәажәан ауниверситетқәа ԥхьаҟатәи русеицура, уахь иаҵанакуеит  абиотехнологиа ахырхарҭаҟны иҷыдоу аҭҵаарадырратә лабораториа аԥҵара, астудентцәа рԥышәеизырҳаразы аҭагылазаашьа алыршара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы. Ахцәажәара аиуит аҵарадырраҟны иалагалоу Аболонтә система иаҵанакуа аспециалитети, абакалавриати, амагистратуреи. Иара убас хшыҩзышьҭра аман Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Н. П. Огариов ихьӡ зху Мордовтәи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара аҭҵаарадыратәии, атехникатәии усеицуразы А́иқәшаҳаҭра абжьаҵаразы апроект архиара. Аипылара рхы аладырхәит Аԥсны  аҳәынҭқарратәии, ауаажәларратәии усзуҩцәа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара.