Азҵаара рыҭара



Елена Лабахәуа лышәҟәы аӡыргара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рыҟәша аҟны имҩаԥысит апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аҿыханҵатә ҟазареи адизаини ркафедра адоцент Елена Мақбеҭ-иԥҳа Лабахәуа асахьаҭыхҩы Баҭал Рушьни-иԥа Џьапуа иусумҭақәа "Иҳаҩсхьоуи иҟалашеи" ҳәа хыс измаз иҭлыжьыз аизакхьӡынҵа аӡыргара. Асистематә шьаҭа аҭаны Елена Лабахәуа иҭлыжьыз ашәҟәаҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа 1994 ш. инаркны 2021 шықәсанӡа иусумҭақәа: аҿыханҵа, аграфика, асценографиа, акомпиутертә графика, акьыхьтә графика, аԥсарқәа, абџьар амузыкатә инструментқәа. Аизакхьӡынҵа иагәылоуп асахьаҭыхҩы ганрацәала иҟазара аазырԥшуа 750 сахьа. "Асахьаҭыхҩы-аҟаза дызнысыз амҩа ҭымҵаакәа иахьатәи ирҿиара узалацәажәом аҟнытә, ашәҟәы еиқәыршәоуп асистематә шьаҭа аҭаны", - ҳәа азгәалҭеит автор Елена Лабахәа лықәгылараҟны. ААУ аҟазарақәа рыҟәша анапхгаҩы, адоцент Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит: "Дарбанзаалак асахьаҭыхҩы иибо аасҭа ицәа ианыруа ауп иҭихуа. Баҭал Џьапуа ицәа ианыруеит дызхылҵшьҭроу аԥсуа жәлар рдоуҳатә мчы, ркультура". Ашәҟәы аӡыргара зхы алызрхәыз аҵарауаа ражәақәа рыла, Баҭал Џьапуа ирҿиара иааизакны ҳахәаԥшуазар, уи дактиоруп, дмузыкарҳәаҩуп, детнографуп, дагьынаԥшҩуп. Абарҭ аҟазара ахкқәа зегьы хаҿыкаҿ еизгоуп исахьаҭыхраҿы. Асахьаҭыхҩы иусумҭақәа рҟны ҳрыԥхьоит амилаҭ философиа-ԥсихологиатә хымҩаԥгашьатә ҟазшьақәа. Зегь еизгоуп аԥсуара амацәаз аҩныҵҟала ҳәа ахырҳәааит имҩахыҵыз. Аӡыргара алыхәылацәа зегьы ашәҟәы автор Елена Мақбеҭ-иԥҳа Лабахәуа илыдырныҳәалеит, иҭабуп ҳәагьы ларҳәеит аԥсуаа рҟазара аҿахәы зҳәо иҭлыжьыз аизакхьӡынҵа азы.