Азҵаара рыҭара



АИНФОРМАЦИАТӘ ШӘҞӘЫ

Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа!

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра аиубилеи ахьӡала 2022 шықәса, жьҭаарамза 20–21  рзы имҩаԥгахоит аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи злахәу аҭҵаарадырратә конференциа.

АКОНФЕРЕНЦИА АУСУРА АХЫРХАРҬА ХАДАҚӘА: 1) Агуманитартә; 2) Афизика-математикатә; 3) Амедико-биологиатә.

Аконференциа алахәхаразы ҳазну ашықәс, ԥхынгәымза 15-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиахь, аусеиҿкааҩ А. Шь. Ҳашба лыхьӡала иаашьҭтәуп ажәахәқәа рыхьӡқәеи урҭ рыхҳәааи, иара убас азҵаабӷьыц (ажәла, ахьӡ, аҵараҩаӡара, амаҵура, аусурҭа, аелектронтә пошьҭа аҭыӡҭыԥ) харҭәааны абри аелектронтә ҭыӡҭыԥашҟа: aspirant1376@mail.ru

Астатиақәа ҿыгҳарыла кьыԥхь бӷьыцк иреиҳамкәа, електрон ҳасабла иаашьҭтәуп аусеиҿкааҩ лахь 2022 шықәса, цәыббрамза 15 иахымгакәа.

Ажәахәқәа ртекстқәа рхиатәуп уеизгьы-уеизгьы ажурнал «ААР Адырраҭара» равторцәа рзы иазԥхьагәаҭоу аԥҟаррақәа инарықәыршәаны.

Иахәҭоуп ажәахәқәа заанаҵ аҟәшақәеи, алабораториақәеи, акафедрақәеи рҿы аилырга рахыжьра. Аиҿкааҩцәа азин рымоуп иаашьҭу аматериалқәа реилыршәшәара. Аконференциа аматериалқәа рышьаҭала иазгәаҭоуп астатиақа реизга аҭыжьра.

Аконференциаҿы усуратә бызшәақәас иҟалоит аԥсшәеи аурысшәеи.

Аконференциа мҩаԥысуеит латәаралатәи аформат ала. Апленартә еилатәараҟны ажәахәқәа рыҟаҵаразы 20 минуҭ азԥҵәоуп, асекциатә еилатәарақәа рҿы – 15 минуҭ.

Аиҿцааразы аҽеимадарҭа: Аҟәа ақалақь, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, акад. Н.И. Марр имҩа, 9. Аҭел: +7(940)771–23–45.

Ацҵа №1

Аҳәаразы ақәырԥшыга

Аҳәара (ҳшәыҳәоит атаблица шәхы иашәмырхәарц):

Ажәла, ахьӡ, абыхьӡ (инагӡаны)

Аҭҵаарадырратә ҩаӡара (имазар)

Амаҵура

Аусурҭа аҭыԥ

Аелектронтә пошьҭа аҭыӡҭыԥ

Ажәахәқәа шеиқәыршәатәу: 1. Астатиақәа рҿыгҳара – кьыԥхь бӷьыцк (40 000 дырга) иреиҳамкәа. 2. Ахышәара-аҿышәара – А4, ашрифт Times NewRoman, акегль – 14, ацәаҳәабжьаратә ҳәаа – акибжаки, атекст – ҭбаарыла аиҟаратәра. 3. Аҳәаақәа рыҭбаара: хыхьтәи – 2 см, армарахьтәи – 3 см, арӷьарахьтәи – 1,5 см, ҵаҟатәи – 2 см, абзацқәа армаратәи аҳәаа иацәхыкны 1,25 см., ажәақәа рҟны аиагара хархәара рымаӡам, адаҟьақәа рҿы анумерқәа ықәыргылахом. 4. Алитература азхьарԥшга – атекст аҩнуҵҟа иргылатәуп ахыцқәа ирҭакны, ақәырԥшыга инақәыршәаны (Инал-иԥа 1965: 77) 5. Астатиа иацу абиблиографиа шьақәгылоуп алфавитла. Алитература асиаҿы иарбатәуп  астатиаҿы изызхьаԥшу алитература амацара. Аформеиҿкаашьазы ақәырԥшыга:

Амонографиа: Кәаӷәаниа 2010: Кәаӷәаниа В.А. Аԥсуаа рҿаԥыцтә поезиа аиҿартәышьа. Аҟәа: Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа, 2010. 326 д.

Астатиа ажурнал аҟны: Лашәриа 1998: Лашәриа М. Т. Аҳәатәи аҳәашьеи рызҟаза // Алашара. Аҟәа, 1998. № 4. Ад. 102–106.

Астатиа аизгаҿы: Анчабадзе 2011: Анчабадзе Ю.Д. Ю.Н. Воронов: ученый, политик, публицист // Проблемы археологии (К 70-летию Ю.Н. Воронова): Сборник материалов Международной научной конференции, посвященной 70-летию Ю.Н. Воронова (10–11 мая 2011 г., г. Сухум). Сухум, 2011. С. 19–25.

Адәынтәи материалқәа: 

АА – Дбар: Автор идәынтәи аматериалқәа. Гәдоуҭа араион, Аҷандара ақыҭаҿы аекспедициа, 02.05.2014 ш. Дбар Платон Басиаҭ-иԥа, 77 шықәса. 

Аҵакеилыркааратә згәаҭақәа (атекст хада ахарҭәааразы) хьарԥшгаҵас адаҟьа аҵаҟаҵәҟьа иргылатәуп. Ахьарԥшқәа реишьҭаргылара – еиуыжьны. Ахьарԥшқәа рҿы алитература арбатәуп атекст хадаҟны ишыҟоу еиԥш.

Аиллиустрациақәа зегьы рхаҭабзиара ҳаракны електронтә вариантла иҟазароуп. Шәхы иашәырхәо аиллиустрациатә материал автортә зинқәа рыла ихьчазар ауеит, убриаҟнытә иаҭахуп аматериал автор иарбара.

Аркьаҿрақәа зегь ршифрқәа аарттәуп, насгьы хаз сианы астатиа аҵыхәан иргылатәуп.

Аиҿкааратә хеилак