Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, аҭоурыхтә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи лиубилеи лыдырныҳәалоит аҵарауаҩ-аетнолог, ААУ аҭоурыхтә факультет Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра адоцент, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аиҳабы, ААР Адиссертациатә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ирызку Аҳәынҭқарратә премиа амаӡаныҟәгаҩ Сима Андреи-иԥҳа Дбар.
Ҳаҭыр зқәу Сима Андреи-иԥҳа!
Шәара 40-шықәса инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус шәуеит. Ари аамҭа иалакӡаны шәара шәхатәы ԥышәеизырҳара инаваргыланы шәыстудентцәа рыҭҵаарадырратә ҩаӡара аҳаракреи, рыԥсадгьыл аҭоурых агәыблра дыркреи шәырзааԥсоит. ААУ аҟны аусура шәалагеижьҭеи шәхы-шәыԥсы зегьы азышәкит Аԥсны ԥхьаҟа изгаша аҿар реиҵааӡара. Шәнапхгара аҵаҟа астудентцәеи, аспирантцәеи, амагистрантцәеи ирыхьчахьеит рыҭҵаарадырратә усумҭақәа, ирылахәхахьеит еиуеиԥшым ҳтәыла анҭыҵ аконференциақәа. Аспирантцәеи амагистрантцәеи рзы еиқәшәыршәахьеит арҵага-методикатә планқәеи алекциақәа. Урҭ зегьы цхыраагӡа дууп астудентцәеи, абжьаратә школқәеи рҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи рзы. Астудентцәа анра рызуа рԥышәеизырҳара иацышәҵоит иахьагьы. Шәара шәеиԥш иҟоу ҳҵарауаа рыбзоурала еиҵагыло аҿар рыԥсадгьыл аҭоурыхи уи акультуреи ҭырҵаауеит.
Сима Андреи-иԥҳа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара, аманшәалара. Шәнапы злаку шәыпрофессионалтә ус аҟны аихьӡарақәеи аартра ҿыцқәеи шәзыԥшызааит.
Афото: Марина Барцыц.