Азҵаара рыҭара



Изаамҭанытәиу аректорат аилатәара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит изаамҭанытәиу аректорат аилатәара. Амшхәаԥштә азҵаарақәа иреиуан аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа рыхьчареи, аԥышәаратә сессиеи ирыҵаркуаз аусхкқәа. Иара убас ахцәажәара аиуит аҵарыдырраҟны иалагалоу Аболонтә система иаҵанакуа аспециалитети, абакалавриати, амагистратуреи.

ААУ афакультетқәа рнапхгаҩцәа инарҭбааны еиҭарҳәеит аԥышәаратә сессиеи аквалификациатә усумҭақәеи рлыҵшәақәеи, аԥышәарақәа реиҭаҭареи ирыҵаркуа азҵаарақәа.