Азҵаара рыҭара



"Амедицинатә биохимиа" астудентцәа рыквалификациатә усумҭақәа рыхьчара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә универсиет абиолого-географиатә факультет амедицинатә биохимиеи аексперименталтә биологиеи ркафедра аҟны "Амедицинатә биохимиа" ахырхарҭала аҵара зҵо астуденцәа рыквалификациатә усумҭақәа рыхьчара мҩаԥысит.

Аҳәынҭқарратә аттестациатә комиссиа хантәаҩра аиҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Едуард Валериан-иԥа Быҭәба, амаӡаныҟәгаҩ - абиолого-геграфиатә факультет адекан, адоцент Марина Лементи-иԥҳа Гогәуа. Иара убас, аттестациа иалахәын астудетцәа рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәагьы.

Аквалификациатә усумҭақәа рызкын амедицина ахырхарҭаҟны актуалра злоу аклиника-лаборатортә ҭҵаараақәа жәпакы. Аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедра аиҳабы Лариса Оҭар-иԥха Аҳәба лажәақәа рыла аушьҭымҭацәа зегьы қәҿирала русумҭақәа рыхьчеит.   Иазгәалҭеит, аҿкы чымазара COVID 19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы Аԥсны еиуеиԥшым ахәшәтәырҭақәеи алабораториақәеи рҟны аус зуаз астудентцәа, русумҭақәа аҿкы атема ишазкыз.

   Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла   Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет амедицинатә биохимиа аусзуҩцәеи астудентцәеи   рыцхыраара ду иабзоураны, Аԥсны аҿкы чымазара иаиааин: "Астудентцәеи акафедра аусзуҩцәеи, аушьҭымтацәеи уахгьы-ҽынгьы амедусзуҩцәа ирывагыланы аковидтә чымазара зыхьуаз ирыцхраауан, иҷаԥшьон, алабораториқәа рҟны аус рыдырулон абиоматериалқәа. Ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәоит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа, насгьы амедицинатә биохимиа акафедра анапхгареи, аусзуҩцәеи, астудентцәеи. Ҳмедицина ауадаҩреи аилахареи ду ианҭагылаз аамҭазы шәара шәџьабаа цхыраагӡа дуун ҳмилаҭ азы".

Аминистр иажәақәа рыла "Амедицинатә усзуҩ имш" аҽны ҳҳәынҭқарра амедицинатә усзуҩцәа инарываргыланы, амедицинатә биохимиеи аексперименталтә биологиеи аусзуҩцәеи, аушьҭымҭацәеи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ахьӡала аҳаҭыртә шә́ҟәқәа шьранашьахо.

Иахьазы, аквалификациатә усумҭақәа қәҿиарала ирыхьчеит 12-ҩык "Амедицинатә биохимиа" ахырҭала аҵара зҵо астудентцәа.

 

Аушьҭымҭатә квалификациатә усумҭақәа ртемақәа:

1.     Быҭәба Милана – «Сахарный диабет 2 типа. Клинико-лабораторная диагностика». Анапхгаҩы: Аҳәба Л.О.

2.     Занҭариа Баграт – «Некоторые лабораторные маркеры тяжести COVID 19». Анапхгаҩы: Аҳәба Л.О.

3.     Овагимиан Диана - «Клинико-лабораторная диагностика хронического панкреатита». Анапхгаҩы: Тимановскаиа В.В.

4.     Какулиа Мадина – «Лабораторная и инструментальная диагностика при сосудистой патологии». Анапхгаҩы: Аҳәба Л.О.

5. Чухба Сабина - «Инфаркт миокарда. Клинико-лабораторная диагностика. Анапхгаҩы: Тимановскаиа В.В.

6.     Герзмаа Мадина: - «Инфекционный монокулеоз. Клинико-лабораторная диагностика». Анапхгаҩы: Каландиа Т.З.

7. Цыцба Кристина – «Нарушение биохимического обмена при дефиците витамина Д». Анапхгаҩы: Каландиа Т.З.

8.Сангулиа Сария «Железодефицитная анемия у беременных». Анапхгаҩы: Каландиа Т.З.

9. Кәакәасқьыр Лолита - «Клинико-лабораторная диагностика диффузного токсического зоба» Анапхгаҩы: Конџьариа И.Гь.

10. Лулоиан Елиа – «Гепатоцеллюлярная карцинома. Клинико-лабораторная диагностика. Анапхгаҩы: Гогәуа М.Л.

11. Џьинџьолиа Милана – «Исследование цитокинов и других специфических маркеров как предикторов утяжеления состояния ковид позитивных пациентов». Анапхгаҩы: Матуа А.З.

12. Шьынқәба Рада – «Изучение безопасности и иммуногенности живой рекомбинантной коклюшной вакцины при интраназальном введении павианам гамадрилам вакцины». Анапхгаҩы: Матуа А.З.