Азҵаара рыҭара



Аҵарауаҩ Алик Габелиа ииубилеи азгәарҭеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, археолог, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны  иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Алик Николаи-иԥа Габелиа 70-шықәса ихыҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатә.

Адныҳәаларатә усмҩаԥгатә ааиртит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа: «Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, астудентцәа, ҳаҭыр зқәу имҩахыҵыз зегьы! Алик Николаи-иԥа иудаҳныҳәалоит иахьатәи амш. Иааит аамҭа уӡбахә анҳәатәу -  иахьа уи иаамҭоуп. 2000 шықәса аахижьҭеи афакультет напхгара ауҭоит, ари аамҭа иалакӡаны афакультет аҟны имаҷым аихьӡарақәа, урҭқәа зегьы ирхадароуп сынтәатәи ашықәс азы 3-ҩык афакультет арҵаҩцәа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа ҳәа ахьӡ ахьранашьахаз, иҭыжьуп асистематә шьаҭа аҭаны Аԥсны аҭоурых иазку  алекциақәа ркурс, иаԥҵоуп амагистрцәеи абакалаврцәеи рхырхарҭала аҵара зҵо рыҟәша, иара убас уааԥсарала ААУ аҟны иа́артуп жәларбжьаратәи аизыҟазаашьа рыҟәша. Урҭқәа зегьы реиҿкаараҟны  уааԥсара шьардоуп. Иузеиӷьасшьоит агәабзиареи аманшәалареи. Ақыҭа Цагьара  иалҵыз  Алик Николаи-иԥа ухьӡ  хара инаҩааит!». ААУ аректор, академик игәалаиршәеит сынтәа 90-шықәса зҳыҵуа ауниверситети, 85-шықәса зхыҵуа аҭоурыхтә факультети знысыз аамҭа уадаҩқәа.

Аныҳәатә  усмҩаԥгатә амҩаԥгаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Џьамбул Инџьгиа иазгәеиҭеит Алик Николаи-иԥа иааԥсарақәа аусзуҩцәеи астуденцәеи зегьы ишрыду, афакультет аусзуҩцәа рыхьӡала аҵарауаҩ имшира идиныҳәалеит. Алик Николаи-иԥа ииубилеитә рыцхә азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны еиуеиԥшым аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аԥсны ахадара, аҭоурыхҭҵааҩцәа, аҵарауаа, аскульпторцәа, асахьаҭыхҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларатә усзуҩцәа, ААУ профессор-рҵаҩратә еилазаара, астудентцәа, аиубилиар изааигәоуи изгәакьоуи ауаа.

Иазгәаҭатәуп, археолог Алик Габелиа ииубилеи шидырныҳәалаз аԥсуаа ҵарауаа инарываргыланы, адунеи ахьынӡанаӡааӡо атәылақәа рҟынтәи аус ицызухьоу аҵарауаагьы.

Аныҳәатә мшы инақәыршәаны еизаз идырбан аиубилиар напхгара зиҭо афакультет 80-шықәса ахыҵра иазкны иҭыхыз,  афакультет аҭоурых еиҭазҳәоз авидеоролик. Иара убас еизаз идырбан афакультет аусзуҩцәеи астудетцәеи Алик Николаи-иԥа иахь рзеиӷьашьарақәа зныз анҵамҭа.

Аҵарауаа рықәгыларақәа рҟны ҷыдала иазгәарҭеит аиубилиар Алик Габелиа иҭҵаареи, иԥшаарақәеи, имонографиақәеи аԥсуа ҭоурых ҵәатәы шьаҟаны ишаҵагылоу. Насгьы, ипрофессионалтә ҟазшьақәа инарываргыланы иуаҩышьеи, иаԥсуареи, иқьиареи, иҳалалреи ирыбзоураны арҵаҩцәеи астудентцәеи, дыздыруа зегьы рҟни  ҳаҭыр ду шиқәу.

Аиубилиар Алик Николаи-иԥа Габелиа Аԥсны акульура аминистрра ахьӡала аҳаҭыртә шәҟәы ианеишьеит акультура аминистр Даур Ақаҩба, иара убас аҵарауаҩ-археолог ҳамҭас ирҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа.