Азҵаара рыҭара



АДНЫҲӘАЛАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи ииубилеи идырныҳәалоит ААУ аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, археолог, Аԥсны иреиҳау ашкол  зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ауаажәларратә  усзуҩы, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу  Алик Николаи-иԥа Габелиа.

Ҳаҭыр зқәу Алик Николаи-иԥа! 

40-шықәса инареиҳаны шәнапы алакуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҿар реиҵааӡара аус.  Ари аамҭа иалакӡаны иазыҟашәҵахьеит хыԥхьаӡара рацәала аспециалистцәа.
Шәара шәрылахәын Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟны имҩаԥысуаз археологиатә ҭҵааратә експедициақәа.  Иҭышәҵаахьеит еиуеиԥшым Аԥсны ижәытәӡатәиу абаҟақәа.  Шәнапхгара аҵаҟа астудентцәеи аспирантцәеи алахәхахьеит археологиатә-культуратә баҟақәа рыҭҵаарақәа ирыдҳәалоу аекспедициақәа. Шәравторуп 60 инареиҳаны археологиатә ҭҵаарадырратә статиақәа, 4 монографиак, ажәахәқәа, Аԥсны археологиатә баҟақәа ирызку аҭыжьымҭақәа.  Шәыҭҵаамҭақәа ҳмилаҭтә ҭоурых ҵәатәы шьаҟаны иаҵагылоуп. Шәара шәеиԥш иҟоу ҳҵарауаа рыбзоурала еиҵагыло аҿар рыԥсадгьыл аҭоурыхи уи абаҟақәеи ҭырҵаауеит. Шәара ишәыбзоуроп ҳҵараиурҭа аҟны аҵарауаа рыгәҭакы - жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҟәша аартра.
Алик Николаи-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара, аманшәалара. Шәнапы злаку шәыпрофессионалтә ус аҟны аихьӡарақәеи аартра ҿыцқәеи шәзыԥзыԥшызааит.

Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи шьардаамҭа шәрыгымзааит!