Азҵаара рыҭара



Руслан Смыр ихы алаирхәит апрофессор Виль Тимербулатов 70-шықәса ихыҵра иазкыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа

Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиолого-географиатә факультет аексперименталтә биологиеи амедицинеи ркафедра адоцент Руслан Смыр ихы алаирхәит «Ахирургиа актуалтә зҵаарақәа» ҳәа хыс измаз,  апрофессор Виль Тимербулатов 70-шықәса ихыҵра иазкыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.

Зыхьӡ нагоу аҵарауаҩ, арҵаҩы, агәабзиарахьчара аиҿкааҩ, аҳақьым-аԥҟаҩы, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла, Башкортостан Аҭҵаарадырра алахәыла, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ФГБОУ ВО БГМУ  ахирургиа акафедра аиҳабы Виль Мамил-иԥа  Тимербулатов лаҵарамза 19 азы 70 шықәса ихыҵит.

Аԥснынтәи аделегациа иалаз ААУ аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаиеи амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Руслан Смыри ииубилеи идырныҳәалеит ААУ ҳаҭыр зқәу апрофессор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа  ҳаҭыр зқәу академик Вил Мамил-иԥа  Тимербулатов.  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, апрофессор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа  рдоктор,  академик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиеи, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа  рдоктор, апрофессор, академик Зураб Џьота-иԥа Џьапуеи  рыхьӡала иаԥхьан адныҳәаларақәа, аиубилиар иҭан аҳамҭақәа.

1992-1993 шш.  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ихатәы лагалеи ицхыраареи, Башкириатәи аҳәынҭқарратә амедицинатә университет ректорс дахьынӡаҟаз аамҭа иалакӡаны 40-ҩык аԥсуа ҳақьымцәа аҵара ралыргара аус аҟны ицхыраареи рзы Аԥсны Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа иу́сԥҟала Виль Мамил-иԥа  Тимербулатов "Ахьӡ-Аҧша"  аорден III аҩаӡара ианашьоуп.

«Аҭҵаарадырратә конференциа аинтерес ду аҵан, ақәгыларақәа еиуеиԥшымызт, ирымҽхаркуан амедицина ахырхарҭаҟны еиуеиԥшым  азҵаарақәа. Аконгресс-холл азал аҟны еизеит Урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии ҳколлегацәа. Иҳаҳаит аиубилиар изкыз адныҳәаларақәа рацәаны, иара убас  уи ианашьан имаҷымкуа аҳамҭақәа, урҭ зегьы ишьақәдырӷәӷәон Виль Мамил-́иԥа  амедицинаҟны илагала ду», - ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ, аҳақьым Руслан Смыр.

Руслан Смыр  Аԥснынтәи аделегациа алахәылацәа Башкортостанҟа рцара аиҿкааразы иҭабуп ҳәа раиҳәоит.