Азҵаара рыҭара



ААУ иҭало рзы Аилыркаага

Иҭыҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 2022 шықәсазы иҭало рзы Аилыркаага. 
Аилыркаага ианыԥшуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхи, ҳтәыла акультуратәии аҭҵаарадырратәии аганқәа.
 ААУ афакультетқәеи аструктуратә ҟәшақәеи русура иазку аинформациа ааркьаҿны иануп.  Аилыркаага иагәылалеит 2022 шықәсазы астудентцәа рыдкылара аплан злашьақәгыло аԥҟарақәа, ААУ аушьҭымҭацәа рыквалификациатә ҟазшьарбагақәеи,  адкыларатә ԥышәарақәа рыпрограммеи. Иара убас, аилыркаага иануп азанааҭқәеи, ахырхарҭақәеи реиқәыԥхьаӡа, аконтролтә цифрақәа.
Аилыркаага  аредактор хада: ААУ аректор, академик А.А. Гәарамиа; аҭакԥхықәра зду аредакторцәа: адоцент В. И. Маланӡиа, адоцент И.Ш. Арӡынба; аиқәыршәаҩцәа:  академик А.А. Гәарамиа, В. И. Маланӡиа, И.Ш. Арӡынба, Р. А. Смыр, А.Ф. Қаџьаиа.
Аилыркаага аздырхиеит  ААУ адкыларатә комиссиа аусзуҩцәа.
Адкыларатә ԥышәарақәа рыпрограмма  еиқәдыршәеит ауниверситет акафедрақәа, ишьақәдырӷәӷәеит  ААУ Аҵарауаа  рхеилак.
Аилыркаага иагәылалеит ААУ аректор, академик А. А. Гәарамиа абитуриентцәа рахь иҟаиҵаз ааԥхьара:
Уи аҟны иазгәаҭоуп:  "Ҳаҭыр зқәу абитуриентцәа!  Шәара шәҭалоит аамҭа уадаҩқәа иргәылиаахьоу, аха гәыла икамҳаз, ҳтәылаҟны иаҭахыз азанааҭқәа алагало иҳарбеиауаз ҳмилаҭтә университет. 
Ашкол ахықәкы хадақәа иреиуоуп - аҵаҩы ахәыцшьа ирҵара, еиликааз ахцәажәашьа ирҵара, аҵараҵара агәыблыра иркра.
ААУ -  ҳҳәынҭқарра аҟны иреиҳау  арҵара-ҭҵаарадырратә усбарҭоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟны  ирыдыркылараны иҟоуп аҵак ду змоу "Аҵарадырразы  азакәан".́  Ҳтәылаҟны амодернизациа алыршахоит   ҳҳәынҭқарреи аҵарадырреи еишьашәаланы ихеибарҭәаар.   Исыԥхьаӡоит  аҵарадырра милаҭтә идеианы иҟалароуп ҳәа.
Шәыҽԥышәшәа, шәхы рылашәырхәы азанааҭтә аолимпиадақәа, ҳарҵаҩцәа имҩаԥырго аилацәажәарақәа.  Шәҽазыҟашәҵа адкыларатә ԥышәарақәеи ганрацәалатәи астуденттә ԥсҭазаареи.
Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа!