Азҵаара рыҭара



Атлетикаластә еицлабра «Нарҭаа реиԥхныҩлара»

 

Лаҵарамза 21 азы Аҟәа амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҟны имҩаԥысит атлетикаластә еицлабра «Нарҭаа реиԥхныҩлара». Амҳаџьырцәа ргәалашәара Амш иазкыз аицлабра рхы аладырхәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа.

5000 м.инаӡоз аиԥхныҩлара рхы аладырхәит арԥарцәа: апедагогикатә факультет (абаҩрҵәыра) 1-тәи акурс астудент Анри Адлеиба, апедагогикатә факультет (абаҩрҵәыра) 1-тәи акурс астудент Лука Догузиа, апедагогикатә факультет (абаҩрҵәыра) 3-тәи акурс астудент Аинар Кьышьмариа, , апедагогикатә факультет (абаҩрҵәыра) 3-тәи акурс астудент Баҭал Торчуа.

3000 м. инаӡоз аиԥхныҩлара рхы аладырхәит аҭыԥҳацәа: афилологиатә факультет 1-тәи акурс астудентка Асмаҭ Какачиа, афилологиатә факультет 3-тәи акурс астудентка Салима Ԥалба, афилологиатә факультет аспирантка Милена Ԥалба.

Астудентцәа напхгара рырҭон: ААУ аспортклуб ахантәаҩы Инга Карчаа, абаҩрҵәыра акафедра арҵаҩы Хамида Кетиа.