Азҵаара рыҭара



ААУ астудентцәа рыбжьара имҩаԥысит аволеибол атурнир

Аҟәа, лаҵарамза 17 инаркны 20-нӡа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭыԥҳацәеи арԥарцәеи злаз акомандақәа рыбжьара имҩаԥысуан аволеибол атурнир. Уи азкын ААУ 90-шықәса ахыҵра.

Арԥарцәа злаз акоманда иалан 6-факультетк рыстудентцәа: аекономикатә, афизика-математикатә, апедагогикатә, аҭоурыхтә, афилологиатә, абиолого-географиатә. Аҭыԥҳацәа злаз акоманда 4 факультетк еиднакылеит: апедагогикатә, афилологиатә, аҭоурыхтә, аҟазарақәа рыҟәша.

Арԥарцәа злаз акомандаҟны аҳаҭыртә аԥхьахә ҭыԥ ааныркылеит аекономикатә факультет акоманда, аҩбатә аҭыԥ - афизика-математикатә факультет акоманда, ахԥатәи –апедагогикатә факультет акоманда.

Аҭыԥҳацәа злаз акоманда аҳаҭыртә аԥхьахә ааныркылеит апедагогикатә факультет акоманда, аҩбатәи аҭыԥ - афилологиатә факультет акоманда, ахԥатәи аҭыԥ - аҭоурыхтә факультет.

Арԥарцәа злаз акомандаҟны иреиӷьу ҳәа иалкаан: апедагогикатә факультет ( абаҩрҵәыра) 1-тәи акурс астудент Дарко Пантилашевски, афизика-математикатә факультет 1-тәи акурс астудент Леон Логәуа, аекономикатә факультет 4-тәи акурс астудент Инал Логәуа.

Аҭыԥҳацәа рҟынтә   иреиӷьу ҳәа иалкаан: аҭоурыхтә факультет 3-тәи акурс астудентка Кристина Кәыбраа, афилологиатә факультет 3-тәи акурс астудентка Сариа Касланӡиа, апедагогикатә факультет (абаҩрҵәыра) 3-тәи акурс астудентка Лилиа Буиукелиан.

Актәи аҭыԥқәа аанызкылаз акомандақәа иранашьан ахраҿақәа. Иреиӷьу ахәмарыҩцәа иранашьан агәаларшәагатә хра́ҿақәа. Аиааира згаз иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедальқәеи.

Атурнир еиҿыркааит: ААУ аспортклуб ахантәаҩы Инга Карчаа, Астудентцәа Реидгыла, абаҩрҵәыра акафедра.

Аҳамҭаҭара иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит ААУ аҿар рполитика азы апроректор лхаҭыԥуаҩ Иури Трувалиов.