Азҵаара рыҭара



Афырхацәа рыхьӡ кашәаӡом!

Лаҵарамза 18, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны идырбан адокументалтә фильм "Аԥшаара". Афильм азкын Аԥсны иалҵыз ауаа Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡыз, афашисттә концлагерқәа рҟны иҭакыз рҭынхацәа рыԥшаарақәа. Акиносахьа иунарбоит, аамҭа кыр шцахьоугьы иузгәакьоу ауаҩы иԥшаара ушаҟәымҵуа, угәаҵаҟны хабарда ибжьаӡыз уҭынха ушизыԥшу.

Иубарҭан, ААУ астудентцәа Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны ацәыӡ ду зауз рыуаажәлар рхьаа шырхьааз, 77-шықәса шыҵхьоугьы ибжьаӡыз ргәалашәара шырхадмыршҭыз.

2021-2022 шш. рзы иҭыхыз афильм ахәаԥшразы имҩахыҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра, Аҩнуцҟатәи аусқәа рминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аминистрра ахаҭарнакцәа. Иара убас афильм дырбан Аҟәа иҟоу "Москватәи Аҩны" аҟны.

Адокументалтә фильм дырбара иазкыз аусмҩаԥӷатә рхы аладырхәит аҿар рполитика азы апроректор лхаҭыԥуаҩ Иури Трувалиов, жәларбжьаратәи арра-мемориалтә проект "Ахьӡ архынҳәра" анапхгаҩы Григори Скворцов, афильм "Аԥшаара" арежиссиор-ақәыргылаҩ Дмитри Статеинов, Аԥсны Аҿар ртеатр актоиорцәа, астудентцәа. Иазгәаҭатәуп, афильм аҟны ароль хада назыгӡоз Леила Агрба лаб хабарда Миллерово аконцлагер аҟны ибжьаӡхьаз апроект алахәцәа рыцхыраарала дшырыԥшааз.

Афильм аҟны иубон афашизм аҿагылара шаҭаху, ахәаԥшҩы иаҳауан хабарда ибжьаӡыз аибашьыҩцәа рыԥҳацәа ражәақәа. "Ахьыӡ архынҳәра" - ари ҭаацәалатәи, аԥшаара иазку проектуп, уи хықәкы хадасгьы иамоуп ибжьаӡыз рҭынхацәа рыцхраара.

Афильм "Аԥшаара" еиҭанаҳәоит иҭахаз рҿахәи урҭ рҭынхацәа ргәаҟреи.

Афильм "Аԥшаара" ареижиссиор Дмитри Статеинов иажәақәа рыла, ахәаԥшыҩцәа гәыкала ирныруан ирбоз акадрқәа: "Ҳара ҳзы игәахәара дуун астудентцәа аибашьра атемахь азҿлымҳара ду ахьаадырԥшыз, иахьа излаабо ала аҭоурых аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа хынҳәуеит, аҿар агха рмыхьырц азын идеилыркаатәуп рабацәеи рабдуцәеи знысыз амҩа, иҭҵаалатәуп аҭоурых".

Адокументалтә фильм "Аԥшаара" ҭыхуп Москва Анапхареи Аԥсны Ахәаахҭра-ааглыхратә палатеи рфинанстә цхырааралеи, Урыстәыла Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра иатәу жәларбжьаратәи арра-мемориалтә проект "Ахьӡ архынҳәра" анапхгаҩы Григори Скворцов ицхырааралеи.

Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа рҭынхацәа ирзырхоуп апроект аусура. Апроект иалоу акурсантцәеи арҵаҩцәеи ирыбзоуроп аибашьра хлымӡаах аҟны иҭахаз ирызку а́информациа аԥшаара. Урҭ рџьабаала имаҷҩымкәа ауаа ироухьеит ибжьаӡыз рҭынхацәа рызқәа ҭыԥ ахьамадоу аҭыԥ аԥшаара иазку аинформациа.

Адокументалтә филм "Аԥшаара" аус адырулон 2018 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа.