Азҵаара рыҭара



АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘ ЕИБАШЬРА ДУ аҟны игаз Аиааира аҳаҭыразы ацәыргақәҵа

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит "Аҟазарақәа рыҟәша" ахырхарҭа аҟны 1-тәи акурс инаркны 5-тәи акурс аҟнӡа аҵара зҵо астудентцәа рцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа еиднакылеит "Аҿыханҵатә ҟазара", "Аҿыханҵа", "Акостиумқәа рдизаин", "Аграфикатә дизаин", "Аландшафтә дизаин", "Ачарҭтә ҿыханҵа".

Аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара рыманАԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аҳәынҭқарратәии, аполитикатәии, ауаажәларратәии усзуҩцәа, аҟазара аусзуҩцәа, ААУ апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи, иара убасгьы ацәыргақәҵахь азҿлымҳара аазырԥшыз ауаа.

Ауниверситет аҟны ишьақәгылоу атрадициа инақәыршәаны, «Аҟазарақәа рыҟәша» аҟны ацәыргақәҵа мҩаԥысуан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира аҳаҭыразы. Астудентцәа русумҭақәа рхыԥхьаӡара аҟны иргәылубаауан аибашьра хлымӡаах иазкыз асахьқәа.

Аусмҩаԥгатә ааиртит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа.

Аректор инарҭбааны еиҭеиҳәеит аҟазарақәа рыҟәша 1991 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа изгәылсыз аҭоурых, иахьагьы аҟәша арҭбааразы ишазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа жәпакы, насгьы ААУ аҟны ргәы ишҭоу аҟазарақәа рыҟәша хазы факультетны ашьақәыргылара. Академик Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит: «Астудентцәа иреиӷьу ацәаҩа рыланааӡоит аҟазара, ҳара ҳаԥсабареи, ҳдоуҳаи ҳныруеит уи аҟны. Ҳара иаҳуалуп акультура аҿиаразы ааԥсарак ́ҟамҵакәа аҿар аус рыдулара".

«Аҟазара аҟәша» анапхгаҩы Нугзар Логәуа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа хықәкыс иамоуп иреиӷьу аԥсуа традициақәа аҟазара аҟны ранырԥшреи, насгьы, ашықәс аҩныҵҟа астудентцәа идырҳаз аԥышәеи аусумҭақәа рҟны раарԥшреи. Нугзар Ҷыҷықәа-иԥа иазгәеиҭеит: "Иахьатәи ацәыргақәҵа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира иазкуп, анаҩс аҟәша аусзуҩцәеи астудентцәеи ҳгәы иҭоуп ААУ-90 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа амҩаԥгара".

Аусмҩаԥгатә иалахәыз Аԥсны ́Жәлар рартист Нодар Ҷанба иазгәеиҭеит: «Ауниверситет знысыз аҭоурых анаҳгәалаҳаршәо иҭабуп ҳәа иаҳҳәароуп Анцәа Ду, анаҩс уи аамышьҭахь иҭабуп ҳәа иаҳәатәуп ажәытә еиқәырханы аҿатә ахаҳауа иаауа аректор Алеко Гәарамиа».

Ацәыргақәҵа зхы алазырхәыз аҟазара аусзуҩцәа рықәгылараҟны иазгәарҭеит, астудентцәа ишрылдыршаз дунеихәаԥшышьа ҿыцла иузеиламыӡҩоз аԥшшәқәа рыла асахьақәеи акостиумқәеи реиқәыршәара, ас еиԥш иҟоу азнеишьа баҩхатәроуп ҳәа.

ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иҭабуп ҳәа ахиҳәааит аҟазарақәа рыҟәша аграфикатә дизаин ахырхарҭала аҵара зҵоз аушьҭымҭацәа Мариа Аибеи, Аида Аибеи, В.Г. Арӡынба 70-шықәса ихыҵра иазку аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәеи, М.М. Ҭраԥшь 100-шықәса ихыҵра иазку аконференциа аматериалқәеи зну ашә́ҟәқәа рцәа адизаин аус ахьадырулаз азы.

Иааидкыланы ацәыргақәҵа аҟны ицәырган 100 инарзынаԥшуа аусумҭақәа. Аҭааҩцәа рзы ацәыргақәҵа аартызаауеит лаҵарамза 20-нӡа.