Азҵаара рыҭара



Аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа 2022!"

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  аҟны имҩаԥысит Аԥсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәа ирзырхоу аолимпиада - "Аҳаракырахь амҩа 2022!".
Аолимпиада алахәылацәа рзанааҭ иақәнаго ахырхарҭақәа рыла рҽыршаанӡа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит   аректор, академик Алеко Гәарамиа. 
 Аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа 2022!" рхы аладырхәырц иахьазы иааит 75-ҩык Аԥсны араионқәа рышколқәа рҵаҩцәа. Урҭ рхы ԥыршәон еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла: агрономиа ахырхарҭа амаҭәар абиологиа - 2-ҩык; апедагогика ахырхарҭа амаҭәар аԥсихологиа  - 14-ҩык;  амедицинатә биохимиа ахырхарҭа амаҭәар биологиа - 22-ҩык; абиологиа ахырхарҭа амаҭәар абиологиа - 7-ҩык; агеографиа ахырхарҭа  амаҭәар географиа - 2-ҩык; атуризм ахырхарҭа  амаҭәар географиа - 17-ҩык; химиа ахырхарҭа амаҭәар химиа - 7-ҩык; атехнологиа ахырхарҭа амаҭәар химиа - 4-ҩык.
Еиуеиԥшым ахырхарҭакәа рыла иахьатәи амш иалакӡаны аолимпиада алахылацәа иарҭон абиологиа; агеографиа; химиа.