Азҵаара рыҭара



Б.У. ШЬЫНҚӘБА ИЗКУ АКТӘИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АԤХЬАРАҚӘА

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥган Аԥсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи, Адыгеиеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аҵарауаҩ абызшәаҭҵааҩы, афольклорҭҵааҩ, аиҭагаҩ, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи аԥхьарақәа.
 Уи еицеиҿыркааит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәҟәыҩҩцәа рассоциацеи.
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи аԥхьарақәа рҟны ажәахә ҟаиҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа. Иара убас: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апроф., алитература акафедра аиҳабы,  афилол.ҭҵ.рк. Диана Серапион-иԥҳа Џьынџьал – «Баграт Шьынқәба – ахәыҷқәа рзы»;  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа  акафедра №1 арҵаҩы Ева Шавели-иԥҳа Ҭаниа – «Алексема "адгьыл" Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" аҟны»; Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа акафедра арҵ. еиҳабы Риҵа Ладикәа-иԥҳа Сақаниа – «Аформант "да" Баграт Шьынқәба ишәҟәы "Амшынҵақәа" аҟны»;  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикеи апсихологиеи ркафедра арҵаҩы Сабина Даур-иԥҳа Барзаниа – «Ааӡара аидеиақәа Б.У. Шьынқәба ироман "Ахаҳә еиҩса" аҟны».