Азҵаара рыҭара



ААУ афизика-математикатә факультет иаҭааит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол № 10 аҵаҩцәа

Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол  аҟны аҵара зҵо  10-тәи 11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа афизика  дзырҵо арҵаҩы Кәарҷиа Л.И.  лнапхгарала   иаҭааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  афизика-математикатә факультет.

Аиԥылара ахықәкы хадақәа иреиуан ашкол аҵаҩцәа  афизика ахырхарҭаҟны еиуеиԥшым аҭҵаарақәеи, аҵараиурҭаҟны аус зуа афизикцәа рхатә ҭҵаамҭақәеи рырбара. Ҷыдала абжьаратә ́школ аҵаҩцәа идеилыркаан иахьатәи ҳаамҭазы  атехникатә занааҭқәа иааныркыло аҭыԥ.

Аҵаҩцәа афизикатә лабораториаҟны идырбан хкы рацәала аекспериментқәа, иара убас «Доказательства виртуальности нашего мира» ҳәа хыс измаз аҭҵаарадырра-документалтә фильм.

Ахәыҷқәа ԥхаррала ирыдыркылеит ААУ афизика-математикатә факультет  аусзуҩцәа: азеиԥш физика акафедра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, афизика-математикатә ҭҵ. рканд., адоц. И.Ш. Кьышьмариа; афизика-математикатә ҭҵ. рканд.,  адоц.  Е.М. Шамба; афизика акабинет аиҳабы  С.А. Кожевников; афизика-математикатә ҭҵ. рканд., адоц.  И.В. Гыцба; алаборант И.С. Аршба.

Абжьаратә школ аҵаҩцәа ирзеиҭаҳәан ААУ аҭоурых, афакультет анысымҩеи аҿиареи,  идырбан афакультет акафедрақәа, иазааҭгылан афизика ахырхарҭала аусуратә ҭыԥқәа ахьаҭаху анаплакқәа русура.

Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа ашколи иреиҳау аҵараиурҭеи ацҳа рыбжьарҵоит, иагьцхыраагӡоуп ԥхьаҟатәи азанааҭ алхраҿы ҳәа азгәарҭоит афакультет аусзуҩцәа.