Азҵаара рыҭара



Изаамҭанытәиу аректорат аилатәара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит изаамҭанытәиу аректорат аилатәара.  Амшхәаԥштә азҵаарақәа  ирхадан ашкол иҭоу ирзырхоу аолимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!» амҩаԥгара иадҳәалоу аусхкқәа.

ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа ажәа лиҭеит ААУ адкыларатә комиссиа аҭақԥхықәра зду амаӡаныҟәгаҩ Инга Арӡынба. Уи иазгәалҭеит: "Раԥхьаӡа аолимпиада ААУ аҟны еиҿкаан 2019 шықәсазы, уи хықәкы хадас иамоуп аҟыбаҩ злоу аҿар арҿиареи аҭҵаареи радыԥхьалара; аҭҵааратә дыррақәа раларҵәара; ашкол иҭоу ринтеллектуалтә ҿиара ацхраара; азанааҭ алхразы аҿар рымҩақәҵара. Аолимпиада аҟны иазԥхьгәаҭоу ахырхарҭақәеи азанааҭқәеи шәбарц шәылшоит ААУ аофициалтә саит "Аолимпиада" ахәҭа аҟны. 

Аолимпиадатә дҵақәеи азҵаарақәеи еиқәыршәоуп ашкол аҟны изхысыз аматериал ашьаҭала, уаҟа ашколқәа рҵаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоит атеориатәии апрактикатәии дҵақәа, иара убасгьы аицлабратә ҟазшьа змоу адҵақәа. Аолимпиада аҟны зҽалызкааз ироуеит аиааира згаз идиплом: 1-тәи аҩаӡара адиплом, аолимпиада апризиорцәа ирыҭахоит апризиор идиплом: 2-тәи аҩаӡара апризоиор идипломи, 3-тәи аҩаӡара апризиор идипломи.   Аолимпиадаҟны аиааира згаз аҵаҩцәа, иарҭаз амаҭәар иақәнагоу ахырхарҭала ԥышәарада ААУ иахыԥхьаӡалахоит. Аолимпиада мҩаԥгахоит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 13 инаркны 15-нӡа".

Иахьазы аолимпиада зхы алазырхәыр зҭаху рсиа 289-ҩык ануп.

Аректорат аҟны иалацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа жәпакы.