Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаԥысит ашкол иҭоу ирзырхоу аолимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!» ҳәа хыс измаз апресс-конференциа

Апресс-конференциа аалыртит ААУ адкыларатә комиссиа аҭақԥхықәра зду амаӡаныҟәгаҩ Инга Арӡынба: "Раԥхьаӡа аолимпиада ААУ аҟны еиҿкаан 2019 шықәсазы, уи хықәкы хадас иамоуп аҟыбаҩ злоу аҿар арҿиареи аҭҵаареи радыԥхьалара; аҭҵааратә дыррақәа раларҵәара; ашкол иҭоу ринтеллектуалтә ҿиара ацхраара; азанааҭ алхразы аҿар рымҩақәҵара. Аолимпиада аҟны иазԥхьгәаҭоу ахырхарҭақәеи азанааҭқәеи шәбарц шәылшоит ААУ аофициалтә саит "Аолимпиада" ахәҭа аҟны. Аолимпиадатә дҵақәеи азҵаарақәеи еиқәыршәоуп ашкол аҟны изхысыз аматериал ашьаҭала, уаҟа ашколқәа рҵаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоит атеориатәии апрактикатәии дҵақәа, иара убасгьы аицлабратә ҟазшьа змоу адҵақәа. Аолимпиада аҟны зҽалызкааз ироуеит аиааира згаз идиплом: 1-тәи аҩаӡара адиплом, аолимпиада апризиорцәа ирыҭахоит апризиор идиплом: 2-тәи аҩаӡара апризоиор идипломи, 3-тәи аҩаӡара апризиор идипломи.   Аолимпиадаҟны аиааира згаз аҵаҩцәа, иарҭаз амаҭәар иақәнагоу ахырхарҭала ԥышәарада ААУ иахыԥхьаӡалахоит. Аолимпиада мҩаԥгахоит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 13 инаркны 15-нӡа».

Аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьал иазгәалҭеит: "37-хырхарҭа рыла имҩаԥаҳгоит аолимпиада афакультетқәа зегьы рзы, дарбан ҵаҩызаалакгьы алшара имоуп иара лымкаала ииҭаху азанааҭ ала аолимпиада ахалархәра, алшара рымоуп ахәыҷқәа ԥышәарада ахәԥса мшәаӡакуа ауниверситет аҭалара, убри аҟнытә ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа реиҩрыжьыр ҳҭахым абжьаратә школқәа рҵаҩцәа».

Апресс-конференциа аусура ихы алаирхәит ААУ аҟазарақәа рыҟәша аиҳабы Нугзар Логәуа. Уи иҳәеит сынтәа напхгара зиҭо аҟәша аҟны иҿыцны ишаларгалаз «актиортә ҟазара» ахырхарҭа.

Ашкол иҭоу ирзырхоу Олимпиада «Аҳаракырахь амҩа 2022!» иазку аинформациа шәоурц шәылшоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аофициалтә саит «Аолимпиада» ахәҭа аҟны.