Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира Амш иазкыз аконцерт

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит 1941-1942 шш. рзы Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира Амш иазкыз аконцерт.
Иазгәаҭатәуп, ААУ аҟны есышықәса Аиааира Ду амш - маи 9 иазку аусмҩаԥгатәқәа  шымҩаԥырго. Аконцерт амҩаԥгара иазкыз аныҳәа рхы аладырхәит ААУ афакультетқәа рыстудентцәа. Урҭ аныҳәа иазкыз ажәеинраалақәеи, ашәақәеи, иара убас еиуеиԥшым амилаҭқәа рыкәашарақәеи нарыгӡеит. Астудентцәа злоу ахореографиатә гәыԥқәа ҳмилаҭтә традициақәеи ақьабзқәеи зныԥшуаз ашәақәа аздырхиеит. Аныҳәатә концерт иазкыз аусмҩаԥгатә  еиҿылкааит ААУ аҟазара ҭҵ. ркандидат, адоцент  аҿар рзы аполитика апроректор Медеиа Чегиа.
 Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭакӡаны амобилтә еимадара "Аквафон" ахьӡала   ААУ афакультетқәа рҟынтә  ҩыџьа-ҩыџьаҩык аихьӡара бзиақәеи астуденттә ԥсҭазаареи активла зҽалазхырхәуа астудентцәа Аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьан.
ААУ аректор, академик Алеко  Гәарамиа еизаз зегьы иааиуа аныҳәа амш рыдныҳәалауа иазгәеиҭеит: "Иахьатәи аамҭазы  афашизм аԥыхразы имҩаԥысуеит аоперациа, ҳара  зегьы ҳгәаҳҽанызароуп. Ари амш Ду зегьы ишәыдныҳәалауа исҳәарц сҭахуп, ҳара аԥсуаа ҳҿгьы иԥшьоу аныҳәа сентиабр 30 шазгәаҳтоу. Ҳара зегьы аӡәк иеиԥш ҳаидгылароуп ауадаҩрақәа зегьы ҳариааирц азы. Аҭоурых аҟны иҟамлацт, аибашьҩы аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи  рышьҭахь иҽаниҵәахуаз аамҭакы, аха иахьа урҭқәа ҳбоит. Иага ус акәзаргьы ҳара иааҳарԥшыроуп ачҳара, шәара ҳҿар ак заҵәык ауп ишәҭакԥхықәроу - уи аҵараҵара ауп, шәара шәабдуцәа, урҭ рабдуцәа ианраамҭаз ишәзаԥырҵеит аҭынч ԥсҭазаара, убри азын ишәылшо зегьы ҟашәҵароуп ҳмилаҭтә ҵараиурҭа ԥхьаҟа иҿиарц азы. Ақәҿиара дуқәа шәзеиӷьасшьоит, Анцәа шәиныҳәааит, Ҳазшаз  имчала шәара зегьы аԥсуа хаҵеи аԥсуа ԥҳәыси  ишрыхәҭоу иеиԥш шәхы мҩаԥыжәгоит ҳәа агәыӷра мацара акәымкәа, агәрагьы згоит", - ҳәа иажәа хиркушеит академик Алеко Гәарамиа.
Иааиуа Аиааира Амш шәыдаҳныҳәалоит!