Аҟәа, ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны еиҿкаахоит XVIII ашәышықәса анҵәамҭеи - XIX ашәышықәса алагамҭеи рзы Аԥсны аҳас иахагылаз Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275-шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа.
Уи аартхоит лаҵарамза 2, 16:00 сааҭ азы. Ацәыргақәҵаҟны ицәыргахо аусумҭақәа ҭоурыхтә шьаҭала еиқәыршәоуп.
Ацәыргақәҵа аздырхиеит - аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиеи, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи акафедра арҵаҩы еиҳабы Џьамбул Инџьгиеи.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааразы адгылара ҟарҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анапхгараеи Аҟәа ақалақь Ахадареи.