Азҵаара рыҭара



ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа Аԥсны Аҳәынҭқарра абокс Афедерациа аихшьаала-алхратә конференциа аусура ихы алаирхәит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу аспорт азҟаза, адунеизегьтәии жәларбжьаратәии ЕАБА аӡбаҩ, Аԥсны амилаҭтә аолимпиатә комитет апрезидент ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аолимпиатәи академиа апрезидент, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылеи европатәии академиақәа ракадемик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра академик, Европа академикцәа рклуб алахәыла, Москватәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, Оксфордтәи академиатә Еидгыла алахәыла, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Алеко Гәарамиа ихы алаирхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра абокс Афедерациа аихшьаала-алхратә конференциа аусура. Уи аҳәаақәа ирҭакӡаны имҩаԥгаз абжьыҭарала Давид Аршба далхын Аԥсны абокс Афедерациа апрезидентс.