Азҵаара рыҭара



Имҩаԥысит апленартә еилатәара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны онлаинла имҩаԥысит "Урыстәыла алахьынҵа" ҳәа хыс измаз XIX-тәи  Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟнытә онлаинла ажәахәқәа ҟарҵеит:
ААУ афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы,  афилософиатә ҭҵаарадыррақәа  рдоктор, апрофессор,  Аԥсны Иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы И.Д.Ҭарба; афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат М.Б. Кәыҵниа; аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩы еиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Џь.Џь.Инџьгиа; аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат И.В.Агрба.
 Аиҿкааратә комитет иалахәын: апрофессор И.Д. Ҭарба (Аԥсны), апрофессор А.Г. Давыденкова (Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә университет), Урыстәылатәи ареалисттә философиа ауаажәларра рхеилак.