Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит иналукааша аԥсуа сахьаҭыхҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа ркафедра аиҳабы, адоцент, ауаажәларратә усзуҩы, ҳаԥсуа культуратәи аҵарааӡаратәи еилазаараҿы зыхьӡ нагоу, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, 2005-2011 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура амнистрс аус зуаз, иахьа акультуреи аҭҵаарадырреи рзы Аԥсны Ахада иабжьгаҩыс иҟоу Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа имшира инақәыршәаны ирҿиара иазку аиԥылара.
Аиԥылара аалыртит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Екатерина Бебиа. Анаҩс уи ажәа илҭеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа. Аиубилиар имш идныҳәало аректор иазгәеиҭеит, амшира раԥхьаӡа иргыланы аиубилиар ихаҭа идагьы, дзыхшаз иан ишылныҳәоу, иагьмашәырым ахәы́лԥаз аҟны идырбаз анҵамҭақәа Нугзар Логәуа иан лхаҿсахьа ала иахьалагаз. Аректор Алеко Гәарамиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, Нугзар Логәуа напхгара зиҭо аҟазарақәа рыҟәша ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа хаз игоу акафедра ахьӡ аиура шазԥхьагәаҭоу.
Анаҩс, ААУ аҭҵаарадырра аҟәша апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Џьулетта Адлеиба даԥхьеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа аиубилиар изикыз адныҳәалара.
Афинансқәа рминистр Владимир Делба Аԥсны Ахада ихьӡала асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ ихҵара шьақәзырӷәӷәоз аҳәамҭа даԥхьеит.
Аиԥылараҿы идырбан Нугзар Логәуа иԥсҭазаареи ирҿиареи аазырԥшуа анҵамҭақәа. Ахәылԥаз зызкыз аҵарауаҩ дрыԥхьеит иалкаау иажәеинраалақәа, ицәырҵуаз азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.
Аиубилиар Нугзар Логәуа иқәгылараҟны иазгәеиҭеит аҿар реиҵааӡара аус аҟны хра злоуи аҭакԥхықәра ду змоуи аҭыԥ ду шааникыло ААУ аректор Алеко Гәарамиа.
Арҿиаратә хәылԥазы хыркәшауа, имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит иахьатәи аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа - ААУ анапхгареи, хаҭала Екатерина Бебиеи.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит: асахьаҭыхҩы-аиубилиар иҩызцәеи изгәакьаз ауааи, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәеи аҟазара знапы алакә ауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи.