Азҵаара рыҭара



ААУ 90-шықәса ахыҵреи абаза ҩыра 90-шықәса ахыҵреи ирызку аконференциа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит  ААУ 90 шықәса ахыҵреи абаза ҩыра 90-шықәса ахыҵреи ирызку аконференциа. Уи ааиртит ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь. Уи  иазгәеиҭеит,  аԥсуааи  абазақәеи бызшәалеи, культуралеи, ҭоурыхлеи еизааигәоу еиҟәыҭхашьа змам жәларуп ҳәа.  Владимир Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб иқәгылара аҟны иҳәеит: "Аԥсуааи абазақәеи рдац-рԥашә даара иҵаулоуп, аҩ-жәларык рыбжьара ҳабдуцәа урҭ рабдцуәа ибжьарҵахьеит ахьтәы цҳа".  Аҵарауаҩ  Сергеи Пазов бызшәадырҩык иаҳасабала ажәахә ҟаиҵеит. Уи аҟны дахцәажәеит абаза ҩыра аҭоурыхи, ачерқьес бызшәеи абаза бызшәеи реиԥшымреи атәы. Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит абаза бызшәеи аԥсуа бызшәеи  шеизааигәоу.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит: ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, Адунеизегьтәи  аԥсуа-абаза Конгресс  ахаҭарнакцәа,  Аԥсныи Ҟарачы-Черкессктәи аҳәынҭқаррақәа руаажәларратә усзуҩцәа,  Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт  аиҳабы Арда Ашәба, аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана  Аџьынџьал, афилологиатә факультет астудентцәа.
Зымҽхак ҭбааз акоференциа аҟны ААУ афилологиатә факультет астудентцәа еиҭарҳәеит абаза бызшәа ашьақәыгалара.
Аныҳәатә гәалаҟазаара анубаалон астудентцәа ражәеинраалақәеи рашәақәеи рҟны. Афилологиатә факульет 3-тәи акурс астудентка Софа Дгебауӡе абаза бызшәала ашәақәа налыгӡеит.
ААУ афилологиатә факультет адекан  асасцәа зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа риҭеит.
Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы, аҵарауаҩ Сергеи Пазов Ҟарачы-Черкессктәи аҳәынҭқарратә университет аректор ихьӡала ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, арҵаҩцәеи астудентцәеи ҳамҭас  аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаишьеит.