Азҵаара рыҭара



АДНЫҲӘАЛАРА

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, афилологиатә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи лиубилеи лыдырныҳәалоит аҧсуа литература акафедра адоцент Милиа Иван-иҧҳа Ҵнариа.

Ҳаҭыр зқәу Милиа Иван-иҧҳа!

Шәара шәреиуоуп шықәсырацәала инеиҧынкыланы, ҭакҧхықәра ҳаракыла, ламысцқьала ззанааҭ иазааҧсо ҳҵараиурҭа аусзуҩцәа.

Шәара шәанысит акырӡа иуадаҩыз, аха гәыӷрала иҭәыз, хҭысла ибеиаз аҧсҭазааратә мҩа. Аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара активла шәалахәын. Шәџьатә усура акәзар, еиҵагыло абиҧарақәа рзы еснагь иҿырҧшыгоуп.

1973 шықәсазы шәалгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, аҧсуа бызшәеи алитературеи, атәым бызшәақәеи рзанааҭ ала. Аамҭақәак рзы Очамчыра араион Мықәи Ҷлоуи ақыҭақәа рышколқәа рҟны анемец бызшәа дшәырҵон.

1975 шықәса раахыс шәыҧсҭазаара зегьы ҳмилаҭтә ҵараиурҭа иадҳәалоуп. Раҧхьа аусура шәалагеит препараторс, нас - акадрқәа рыҟәшаҿы, инспектор еиҳабыс. 1978 шықәса инаркны 1994 шықәсанӡа аҧсуа литература акафедраҿы лаборант еиҳабыс шәыҟан. 1994 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа аҧсуа литература акабинет напхгара азыжәуеит, аҧсуа литература акафедра шәадоцентуп.

Афилологиатә факультет аҟны аҧсышәала анемец бызшәа амаҭәар шәаҧхьоит. Шықәсырацәалатәи шәырҵаҩратә усуреи шәҧышәеи ирыбзоураны, иреиҳау аҵараиурҭаҿы анемец бызшәа арҵара иазку арҵагатә цхыррагӡақәа ҭшәыжьхьеит. Урҭ акыр ихәарҭа дууп афилологиатә факультет аҧсуа сектор иҭоу астудентцәа рзы.

Аус ахьыжәуазаалакгьы еснагь иаашәырҧшуан азанааҭ адырра, апринципра, аиашара. Цәаҩала иныҟәыжәго аҟазшьа бзиақәа, шәаамсҭашәареи шәуаҩреи ирыбзоураны, аколлектив зегьы ҳаҭыр ду шәықәырҵоит, астудентцәа бзиа еицырбо арҵаҩцәа шәыруаӡәкуп.

Шәиубилеи шәыдныҳәалауа ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, ақәранҵыра ду, шәнапы злаку аусқәа рҟны - аманшәалареи ақәҿиарақәеи!

Ҽаанбзиала шәгәырӷьо шәнеилааит!