Азҵаара рыҭара



Аинтеллекуалтә хәмарра - Изакәи? Иаба? Ианба?

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит астудентцәа рыбжьара аинтеллектуалтә хәмарра "Изакәи? Иаба? Ианба?". Уи рхы аладырхәит ААУ жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рыпроректор Даур Ақаҩба, аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаиа, афакультетқәа рнапхаҩцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа. Ахәмарра, аԥҟарақәа инарықәыршәаны, ишан 3-хәҭакны, хәҭак аҟны азҵаарақәа 10 рҭак ҟаҵатәын, иааидкыланы 30 зҵаара ықәыргылан. Ахшыҩтә хәмарра алахәылацәа ирзыԥҵәоу минуҭк рыҽҭакӡаны аҭак ҟарҵар акәын рҿаԥхьа иқәгылаз азҵаара. Анаҩс, ажиурии аԥхьаӡаратә комиссиеи рыӡбамҭала иалыркаауан ииашоу аҭак. Аицлабра рхы аладырхәит ААУ афакультетқәа зегьы, иара убас жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа аҟәша аҟнытә хазы игоу акоманда, иааидкыланы акомандақәа 10. Аҭоурыхтә факультет "Приемники Геракла", жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа аҟәша " Молодые дипломаты", афизика-математикатә факультет "Дети Вассермана", агронџьныртә факультет "Агро Юнайтед", азиндырратә факультет "Посланники Феиды", абиолого-географиатә факультет "Орел и решка", афилологиатә факультет "Понты Пилаты", апедагогикатә факультет "Педагогический свет", аҟазарақәа рыҟәша "Невесомость", аекономикатә факультет "Ду-щащь". Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ ААУ аҿар рполитика апроректор Медеа Чегьиа иазгәалҭеит, ас еиԥш иҟоу ахәмаррақәа ҳцараиурҭа аҟны аԥышәа шрымоу, аха, апандемиа аамҭа ашьҭахь, ишраԥхьатәиу. "Астудентцәа зегьы ирыдысныҳәалоит иахьатәи амш. Ҳара иҳамоуп аҟыбаҩ ҷыдеи, ахшыҩҵар змоуи аҿар, арҵаҩцәеи аҭаацәеи ҳҳәоу еибыҭаны уи амҩақәҵашьа ҳақәшәар, насыԥхоит зегьы ҳзы", - лҳәеит апроректор. Иазгәаҭатәуп, ахәмарра аҟны иқәгылаз 30 зҵаара москватәи апрофессионалцәа еиқәыршәаны ишаарышьҭыз, ААУ аҟны урҭ уаҩы ишимбацыз. Аԥхьаӡаратә комиссиа ирыдыркылаз ақәаҵарала 1-тәи аҭыԥ ааныркылеит аекономикатә факультет астудентцәа, урҭ иранашьан аинтеллектуалтә хәмарра иасимволу аты, 2-тәи аҭыԥ ааныркылеит афилологиатә факультет астудентцәа, 3-тәи - аҟазаратә ҟәша астудентцәа. Аҩ-командакгьы иранашьан аҳаҭыршәҟәқәа