Азҵаара рыҭара



АДНЫҲӘАЛАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, аколлективи лиубилеи лыдырныҳәалоит ААУ аԥсуа бызшәа акафедра адоцент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа-адыга бызшәадырра аҭҵааҩы Наҭа Урысбеи-иԥҳа Лихова.

Ҳаҭыр зқәу Наҭа Урысбеи-иԥҳа!

Ҳара ҳзы шьарда аҵанакуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны 40 шықәса инареиҳаны абаза бызшәеи, аҟабарда-черқьес бызшәеи, аԥсуа-адыга бызшәадыррахь алагалеи ирызку алекциақәа шәахьаԥхьо. Шәнапхгара аҵаҟа есышықәа астудентцәа рдипломтә усумҭақәа рыхьчоит. Шәнапы иҵшәыжьхьеит хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә статиақәа, арҵага цхыраагӡақәа, амонографиа.

Наҭа Урысбеи-иԥҳа шәиубиеи амш азы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, аманшәалара. Шәнапы злаку шәзанааҭтә усураҿы аартра ҿыцқәеи аихьӡара дуқәеи шәзыԥшызааит.