Азҵаара рыҭара



Иԥсҭазаара далҵит Гиви Миқаа

85-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агронџьныртә факультет аенергетикатә система акафедра адоцент, Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергетика  зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара  занашьоу Гиви Платон-иԥа Миқаа.

Гиви Платон-иԥа аелектромеханика ахырхарҭала зыҩаӡара ҳаракыз специалистын. 50 шықәса инареиҳаны изанааҭ ала аус иухьан  еиуеиԥшым аусбарҭақәа рлабораториақәа рҟны: Аҟәатәи афизика-техникатә институт, Асовет Еидгыла    аҭҵаарадырратә Академиа  атомтә институт, Аҟәатәи аиндустриалтә техникум,  Аҟәатәи ақалақьтә усбарҭа афымцаҳа. 1968 ш. Гиви Миқаа аус иуан А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә   институт аҟны рҵаҩыс, анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азеиԥш физика акафедраҟны.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) ашьҭахь Гиви Платон-иԥа напхгара аиҭон Аҟәатәи афымцастанциа. 
Гиви Миқаа ипрофессионалтә напхгарала  иазырхиан звольт ҳараку еиҭаҵуа алабораториа.
ААУ аҟны аҵарауаҩ-аенергетик иазыҟаиҵахьан имаҷҩымкуа аспециалистцәа, урҭ рхыԥхьаӡара аҟынтә ԥшь-ҩык атехникатә ҭҵаарадыррақәа ирдокторцәоуп.  Аенергетик иаушьҭымҭацәа қәҿиарала аус руеит Аԥсны афымцамч  еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, арҵаҩцәеи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшылоит Гиви Платон-иԥа иҭаацәеи, иуацәеи, иҭынхацәеи.
Аҵарауаҩ-аенергетик Гиви Платон-иԥа игәалашәара лаша иааӡамҭацәеи, иколлегацәеи, дыздыруаз зегьы ҳгәаҵаҟны  наӡаӡа иаанхоит.