Азҵаара рыҭара



Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа, аҳәса Жәларбжьаратәи рымш март 8 ирыдиныҳәалеит

Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет – арҵаҩцәа, астудентцәа-ҭыԥҳацәа, Аԥсны иқәынхо анацәа, ҳаҳәшьцәа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ааԥыни аԥсабара аинҭәылареи ирхаҿырбагоу Жәларбжьаратәи шәымш ныҳәа - Март 8. Ари амш ҭәуп бзиабарала, насыҧла, гәыҕра лашарала. Шәара шәоуп аҭаацәаратә хәышҭаара аԥхарра еиқәырхауа, аԥсҭазаара ԥхьаҟа еихазҳауа, адунеи аԥшӡареи ақьиареи рыла игәылзырҭәаауа. Иреиҳау ҳмилаҭтә ҵараиурҭаҿы, шәара шәазааԥсоит аҭҵаарадырра. Шәџьабаа шьардоуп ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш иаҵагылаша аҿар реиҵааӡара аусаҿы. Уи ҳаҭыр ду ҳзақәуп. Ари ааҧын ныҳәа лаша иацны инеиааит дасу шәыҩнаҭақәа рыҟны агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, аманшәалара, аизҳаизыӷьара! Ааԥын иацу аԥшӡареи аҿареи шәыгымзааит!