Азҵаара рыҭара



АДНЫҲӘАЛАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, аколлективи 75-шықәса лхыҵреи, лусуратә шықәсқәа 55 шықәса аҵреи лыдырныҳәалоит ААУ аҵаратә ҟәша аспециалист хада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Наҭела Арон-иԥҳа Ҳаразиа.

Ҳаҭыр зқәу Наҭела Арон-иԥҳа! 


Ҳара ҳзы шьарда аҵанакуеит шәара шықәсырацәалатәи шәусура ҳмилаҭҭә ҵараиурҭа иахьадҳәалоу. Уи  еснагь шьагәыҭс иаман апрофессионализм ҳаракы.  Ҳара ҳҵараиурҭаҟны арҵаҩцәеи астудентцәеи рыбжьара ҳаҭыр ду шәықәуп.  Шәара  еснагь ишәылан аамсҭашәареи,  аԥхарреи, аҟәыӷареи, аҭакԥхықәреи.
Кыр иаҳзаԥсоу Наҭела Арон-иԥҳа, шәыԥсҭазаараҟны крызҵазкуа арыцхәқәа  гәык-ԥсыкала  ишәыдаҳныҳәалоит. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзира, агәамч, аманшәалара.


 Ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари шәрыгымзааит!